Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Анқәаб сынтәа амандарина аҽаҩра зеиԥшроу иазкны
© Sputnik
"Сынтәа амандарина аҽаҩра бзиоуп. Амармалташьтә птәы ԥырхага анамҭартә еиԥш бжьынтә иаҳхәышәтәит. Ҵыԥх зынӡа иҟаӡамызт азы, сынтәа ирацәахеит, аҽаҩра ҳахьахәаԥшуа 600 тонн раҟара ҳазаԥшуп. Макьана аҟәшәара ҳаламагац, амза 8, 9 рзы иахацҳаркырц ҳгәы иҭоуп. Амандарина ахатә аамҭа амоуп ианаархәаша, уи абҵарамза анҵәамҭа инаркны ԥхынҷкәынмза аҟынӡа ауп, аха уажәгьы иаархәоит. Ахә шьақәзыргылоу иара аџьырмакьа ахаҭа ауп: ибзиааны иаархәалар, ахәгьы ҳаракхоит. Ирацәоуп аҳәынҭқаррақәа Урыстәылаҟа амандарина назго, дара ахә марианы ирҭиуеит, аха аԥсуа мандарина еиҳа ихаауп", — ҳәа азгәеиҭеит Анқәаб.
Аиҿцәажәара инарҭбаан шәазыӡырҩыр ҟалоит арадио Sputnik Аԥсны ишиашоу ицо аефир аҟны, асааҭ 18:00 рзы.