Аԥсуа телерадиоеилахәыра 40 шықәса ахыҵра иазкыз аконцерт мҩаԥысит Аҟәа

Аԥсуа бызшәала раԥхьатәи ажәабжьқәа аефир ахь иҭыжьын абҵара 6, 1978 шықәса рзы. Абри амш ателерадиоеилахәыра аншьаҭаркыз амш ҳәа иԥхьаӡоуп.
Sputnik

АҞӘА, абҵара 7 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥсуа телерадиоеилахәыра 40 шықәса ахыҵра иазкыз аныҳәатә концерт мҩаԥысит Ражьден Гәымба ихьӡ зху аҳәынҭқарратә филармониаҿ.

Аколлектив алахәылацәа дрыдныҳәалеит Аԥсны ахада Рауль Ҳаџьымба. Иара иазгәеиҭеит ателерадиоеилахәыра атәыла аполитикатә ԥсҭазаара иахәҭакны ишыҟаз, ишыҟоу.

Ҩынҩажәа шықәса рыҩныҵҟа шәара шәызнысыз амҩа – ихьыҧшым Аҧсны аҳәынҭқарра аполитикатә ҭоурых ҿыц иахәҭакуп. Аҧсуа телехәаҧшра аира, ашьақәгылара иузаҟәымҭхо иадҳәалоуп ахақәиҭреи, ахьыҧшымреи рзы ҳажәлари ҳинтеллигенциеи рықәҧара.

Ҩнаҭацыԥхьаӡа аҧсышəала абжьы гоит: Аҧсуа телехəаҧшра 40 шықәса ахыҵит

1977 шықәсазы Москваҟа идәықәҵаз еицырдыруа ашәҟәы иаанартит адаҟьа ҿыц ҳреспублика аҿиарамҩаҿы.

"Ишыжәдыруа еиҧш, Қарҭаа акыраамҭа иаҿагылан ҳмилаҭтә телехәаҧшреи ҳуниверситети раартра, избанзар зеиҕьаҭамала ирдыруан урҭ рҵакы, рроль, ридеологиатә нырра, рымҽхак" — иҳәеит атәыла ахада.

Рауль Ҳаџьымба иазгәеиҭеит 1978 шықәсазы аамҭалатәи асхемала аусура иалагаз Аҧсуа телехәаҧшра иахьа акырӡа ҵакылагьы, формалагьы аҽарҭбааит ҳәа.

"Иахьа аус руеит ауаажәларратә-политикатә, акультуратә-сахьаркыратә, адокументалтә уҳәа ахырхарҭақәа аазырҧшуа аҟәшақәа. Сгәы иаанагоит, аринахысгьы агәцаракра ҷыда роуп ҳәа аҳәынҭқарра бызшәа аиқәырхареи, аларҵәареи ирызку апрограммақәа, аҿар злахәу адырраҭарақәа, асоциалтә-економикатә зҵаарақәа рзы актуалтә еиҿцәажәарақәа" — иҳәеит иара.

Арадио Sputnik амҩаԥгаҩцәа Аԥсны зҽаԥсазтәыз ажурналистцәа ҳәа ахьӡ рыхҵоуп

Аԥсны Жәлар Реизара аппарат анапхгаҩы Вадим Бжьаниа Жәлар Реизара ахьӡала адныҳәаларатә шәҟәы даԥхьеит.

"Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент ахьӡала ишәыдаҳныҳәалоит аефир ахь шәцәырҵра 40 шықәса ахыҵра. Ателехәаԥшра ароль дуӡӡа амоуп ареспубликаа уааԥсыра зегь рзы. Ателехәаԥшра ацәырҵреи ареспублика аҭоурыхи узеиҟәымҭхо еидҳәалоуп, аколлектив ракәзар, Аԥсны амилаҭ-хақәиҭратә қәԥара агәҭа иалагылан", — ҳәа аҳәоит ашәҟәаҿы.

Адныҳәаларақәеи амилаҭтә коллективқәа рықәгыларақәеи рҽеиҭнырыԥсахуан. Ахәаԥшцәа напеинҟьарыла азал ҭдырҭәаауан.

40 шықәса раԥхьа, 1978 шықәса, абҵара 6 рзы аԥсуа телехәаԥшра адикторцәа Леонид Хышбеи Кама Џьапуаԥҳаи аԥсуа бызшәала ажәабжьқәа аефир ахь ицәырыргеит.

Абри амш аԥсуа телехәаԥшра ашьаҭаркра иамшны иҟалеит.