Ҩнаҭацыԥхьаӡа аҧсышəала абжьы гоит: Аҧсуа телехəаҧшра 40 шықәса ахыҵит

© Foto / из архива АТ и личных архивов сотрудниковСтудия абхазского телевидения. Операторы Анзор Кварчелия и Анатолий Шония
Студия абхазского телевидения. Операторы Анзор Кварчелия и Анатолий Шония - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
40 шықəса аҧсыуа ҩнаҭацыԥхьаӡа аҧсышəала абжьы гоит Аҧсуа телехəаҧшра. Уи аиреи, ашьақəгылареи, аиҿкаареи, аусуреи шҳəаақəҵоу ртəы Сырма Ашəҧҳа ланҵамҭаҿы.

Сырма Ашәԥҳа, Sputnik

Раԥхьатәи ашьаҿақәа

Аҧсуа телехəаҧшра аартра Аҧсны аҭоурых аҿы ихҭыс дуны иҟалеит. Аҧсуа жəлар ззықəҧоз, амилаҭ ирҭахыз культуратə центрын Аҧсуа телехəаҧшра. Иара аира зхылҿиаазгьы ҳажəлар рмилаҭтə қəҧароуп. 1977-78-тəи ашықəсқəа рзы имҩаҧысуаз аполитикатə хҭысқəа ирылҵшəоуп. Зџьабаа аду аҧсуа интеллегенциа рхаҭарнакцəа рацəаҩуп. Аҧсуа телехəаҧшра аиреи ашьақəгылареи, уи иацыз ауадаҩрақəеи ақəҿиарақəеи ртəы дызааҭгылоит усҟантəи аамҭазы реижиссиор қəыҧшк иаҳасаб ала ателехəаҧшрахьы усура иаарыҧхьаз, анаҩс акыр шықəса инеиҧынкыланы Аҧсуа телерадиоеилахəыра напхгара азҭоз Амқəаб.

Эмма Адлейба - Sputnik Аҧсны
Анцәа иҟынтә аҟазара заҭәашьоу адиктор

"Аҧсуа милаҭ иҳамаӡамызт аҧышəа ателехəаҧшра аиҿкаара. Хымҧада, уи имариамыз усын. 1970-тәи ашықəсқəа рзы, Никита Хрушьиов ихаан ақəҵара ҭыҵит Автономтə Республикақəа зегьы рҿы ателехəаҧшра аартызарц. Зегьынџьара иаадыртит Аҧсныи, Баҭыми, Нахьечевани Ареспубликақəа рҿы ада. Ателехəаҧшреи арадиои ирызкны ҷыдала аҩнқəа ргылан", — иҳəеит Гəырам Амқəаб.

Усҟантəи аамҭазы Асовет ҳəынҭқарра Автономтə Республикақəа рҿы аҿиара иалагеит амассатə информациа ахархəагақəа релемент, амҩа ҿыц аиуит аҿиарагьы иалагеит.

"Аҧсны уи аҩыза ыҟаӡамызт 1978 шықəсанӡа. 1970-тəи ашықəсқəа рҟынӡа ателехəаҧшра ахьынӡаҟамыз, Автономтə Республикақəа рҿы иҟан "Дом Радио". Арадио аҭыҧ аҿы аҿиара иалагеит ателехəаҧшра, егьымариахеит аиҿкаара. Ҳара, "Дом Радиогьы" ҳамаӡамызт, даара ихьысҳан арадио атехникатə базеи, ажəлар рҟынӡа адырраҭарақəа мҽхакы ҭбаала рнагареи. Ақалақьқəа рҿы арадиотранслиациатə ҳа акəын иҟаз, ақыҭақəа рҿы иҟамызт", — игəалаиршəоит Амқəаб.

Эсма Джикирба - Sputnik Аҧсны
Арадио
Ажурналист Есма Џьыкырԥҳа: раԥхьатәи санҵамҭа ақәҿиара аиуит

Урҭқəа зегьы зыхҟьоз аполитикатə еибаарххара акəын. Ақырҭқəа ирҭахымызт уи амҽхак арҭбаара.

"Аха, 1978-тəи ашықəс азы иҟалаз ахҭысқəа ҳдыруеит, убарҭқəа ирыбзоураны, Москва иҭыҵыз ақəҵара ду ала иалыршахеит Аҧсуа телехəаҧшра аартра. Аҧсуа телехəаҧшра аартын ҧсышəала ицəажəо телехəаҧшраны. Иахьа, Аҧсуа телехəаҧшра урысшəалагьы ицəажəоит, аха уи аҩыза ақəҵара ыҟаӡамызт", — аҭоурых еиҭеиҳəон Гəырам Амқəаб.

Раԥхьатәи аефир

Аҧсуа телехəаҧшра анаадыртыз ашықəсан, Гəырам Амқəаб иреиҳау аҵараиурҭа далганы аус иуан Шəачатəи ателехəаҧшраҿы, "Вечерний Сочи" адырраҭара режиссиорс даман. Ақəҵара рашəарамза 4 рзы иҭыҵит, уи агазеҭқəа ирнылеит.

"Есыуаха аефир ахь иҭыҵуаз ажəабжьқəа рҽазыҟаҵара сшаҿыз, Лабзин ҳəа Шəача еицырдыруаз сеиҳабы дсыҧхьеит. Ус сеиҳəеит: "Уаҵəы, асааҭ 11 рзы Обком ахь иуҧхьоит. Сара сгəаанагарала, Ателехəаҧшра аадыртуеит Аҧсны, убри азакəхап узырго", — ҳəа. Усҟан 25 шықәса раҟара схыҵуан. Иааџьасшьеит исеиҳəаз", — иҳəеит Амқəаб.

Аҧсныҟа уааи ҳəа зарҳəаз арежиссиор қəыҧш, хымҧада дааит. Усҟан аидеологиа напхгаҩыс даман Ҭарба Борис Иван-иҧа. Борис Ҭарба, аҧышəа змаз арежиссиор Гəырам Амқəаб иеиҳəеит Аҧсныҟа, Аҧсуа телехəаҧшрахьы усура диасырц, аиҿкаара аус аҟны ацхыраара риҭарц.

"Хымшҟа рнаҩс, абиуро аилатəара ҟалон, уахь ааҧхьара сырҭеит. Аредақтор хадас иӡбахə ҳəан Рауль Лашəриа, режиссиор хадас Михаил Мархолиа. Анаҩс, шықəсыбжак мҵыцқəа Мархолиа атеатр ТИУЗ ахь диаргеит. 1979 шықәса, ааҧынразы сара режиссиор хадас сҟарҵеит", — дҳацəажəон Гəырам Артиом-иҧа.

Ажурналистикаҿы аҩреи ацəажəареи анулша гхада, Аҧсуа телехəаҧшраҿгьы, хымҧада уҟазара ааумырҧшырц залшом, иара иҷыдоу аспецифика шамоугьы иумпыҵаухалоит.

Амиран Гамгия - Sputnik Аҧсны
Агәхьаагара зцу агәалашәара

"Акамера ақəыргылареи аҭаҧшреи усҟак иуадаҩӡам, зегь реиҳа ихадоу ушыҩуа ауп. Аусура абас нап аҳаркит, даара аинтерес аман. Аҧсуа телехəаҧшра анаартха инаркны ихадароу адырраҭара ируакын Амшеикəшара. Аҧсуа телехəаҧшра ашьақəгылара хықəкыс иаман аҧсуа жəлар ргəы иҭыхоз, рҭоурых, ркультура аарҧшра. Иахьагьы ари азҵаара актуалра аманы иқəгылоуп", — иҳəеит Амқəаб.

20 шықәса инарзынаҧшуа Аҧсуа телерадиоеилахəыра ахантəаҩыс аус зухьоу Гəырам Артиом-иҧа, иҧсҭазаара ахааназгьы аҧсуа журналистика, арҿиара аус иаҟəыҭханы ибом. Хаҭала сара сназлоу, еиҵаиааӡахьоу аҿар, астудентцəа рхыҧхьаӡара маҷҩым.

"Сара аҵарахьы санца инаркны, исҵоз ателехəаҧшреи арадиои ирызкын, убри нахыс убри сара исыҧсҭазаароуп сҳəарц сылшоит. Сара сышəҟəқəа, сыстиақəа, сҵарадырра зегьы ателехəаҧшра иазкуп, иадҳəалоуп. Ателехəаҧшра ҧхьаҟа изго амҩақəа рыҭҵаара сара исус хаданы исыҧхьаӡоит. Сҩымҭақəа зегьы ателехəаҧшреи амилаҭтə хақəиҭреи, ателехəаҧшра аглобалтə процессқəа рҿы рроль иахьагьы иҭысҵаауеит. Аҵара зсырҵогьы убри ауп ирасҳəо. Ажурналистикаҿы даара исҭахуп аҧсуа цəа, аҧсуа культура анырырц",  —ҳəа азгəеиҭоит Гəырам Амқəаб.

Ихадароу абызшәа, аԥсуа бызшәа

Аҧсуа бызшəа ҳəынҭқарратə бызшəаны иҟазароуп Аҧсуа телехəаҧшраҿы, хымҧада аурыс бызшəа Аҧсуа телехəаҧшраҿы иҟазароуп, аха уи адунеи ахь аҧсуа культура, аҭоурых назго бызшəаны иҟалароуп ҳəа иҧхьаӡоит Амқəаб.

"Ҳара ҳмилаҭ хəыҷуп, ҳбызшəа зегьы ирзеилкааӡом. Ҳбызшəа атранслиациа аиуроуп. Ҳажəлар ргəы иҭыхоу егьырҭ аҳəынҭқаррақəа рахь анагара ҳбызшəала иҳалшаӡом. Убри аҟынтə аурыс бызшəа ахархəара аиуроуп. Аинформациа аҧсуа изнагара урыс бызшəала иаҭахӡам. Ҳбызшəа амчхара аиуроуп", — иҳəоит Амқəаб.

Ателехəаҧшраҿы иҟарҵоз хырхарҭала еиуеиҧшымыз адырраҭарақəа иадрыҧхьалон, иагьымҩаҧыргон ззаанаҭ иазҟаз ауаа. Уи асистема аиҿкаара иаман иҷыдаз аҟазшьа.

"Ус еиҧш иҟаз ауаа рыла аҧсуа бызшəа ықəыҩларц ҳҭахын Аҧсынра. Урҭ ирҳəоз аҧсуа бызшəа цқьан, ирыхəаҧшуаз, ирзыӡырҩуаз, ах шьыри, ҳаргьы абас иаҳҵандаз, иаҳдыруандаз ҳəа агəаҧхара рнаҭон, иҿырҧшы бзианы иҟан. Аҧсуа бызшəа ахархəара еснагь иамазароуп", — ҳəа азгəеиҭоит Амқəаб.

Ашьапылампыл ахәмарразы Аԥсны раԥхьатәи ахҳәааҟаҵаҩы Енвер Арџьениа. - Sputnik Аҧсны
Ашьапылампыл ахәмарразы ахҳәааҟаҵара хацзыркыз Енвер Арџьениа

Гəырам Амқəаб гəыблыла игəалаиршəоит Аҧсуа телехəаҧшра зџьабаа аду, иахьагьы амаҵ азызуа ауаа. Иара насыҧ иманы ихы иҧхьаӡоит аҟазара ду злаз аиҳабацəа, актиорцəа, зус азҟазацəа аус ахьрыциуаз. Иааидкыланы ганрацəала инапы иҵихуаз адырраҭарақəа зегьы бзиа ибаны аус рыдиулон.

"Аус рыцура мариан, агəахəагьы унаҭон. Сара срежиссиор қəыҧшын, сырцəыҧхашьон. Аха, сыҧхашьарагьы схадыршҭуан гəаартыла аус ансыцыруаз, исззымдыруаз сыҵарҳəон, уи хымҧада сусура арманшəалон", — иҳəоит арҿиара абзиабаҩ.

Ателехәаԥшра раԥхьатәи ахаҿқәа

Знык Аҧсуа телехəаҧшраҿы аусура агьама зкыз уи чмазараны ицəеижьы иалалоит, иҧсҭазаара зегьы иара иазикуеит. Ажурналист Даур Инаҧшьба, иҩызцəа Енвер Арџьениеи, Руслан Ҳашыги иареи 90-тəи ашықəсқəа рзы "Аҧсны ҟаҧшь" аредақциа аҟынтə ателехəаҧшрахьы усура ииасит, иахьа Аҧсны Аҳəынҭқарра Ахада абжьгаҩыс имоу, усҟан аҧсуа редақциа редактор хадас иамаз Владимир Занҭариа ибзоураны. Занҭариа даҽа усрак ахь дахьиасыз инамаданы Ҳашыг редақтор хадас дҟарҵоит, Даури Енвери корреспондентцəас аусура иалагеит.

"Сара есҽны аусурахь саауеит ныҳəак аҽалархəрахь сцоушəа. Бзиа избоит снапы злаку аус, уи сара исыҧсҭазаароуп, егьсыҩнаҭоуп, егьсануп, егьсабуп", — ҳəа азгəеиҭоит Даур Инаҧшьба.

Арҭ ашықəсқəа ирылагӡаны, Даур инапы иҵиххьоу, хырхырҭала еиуеиҧшым адырраҭарақəа акры ыҟоуп, ирҿиаратə ҟазара инаҷыданы илоу аҧсуареи ауаҩреи ирыбзоураны ателехəаҧшцəа рыбзиабара даҧсахахьеит.

© Фото : Сырма АшубаСотрудники Абхазского телевидения Дпур Инапшба, Медея Голандзия, Фарида Джопуа
Сотрудники Абхазского телевидения Дпур Инапшба, Медея Голандзия, Фарида Джопуа - Sputnik Аҧсны
Сотрудники Абхазского телевидения Дпур Инапшба, Медея Голандзия, Фарида Джопуа

"Раҧхьа аус зуан ажəабжьқəа рҟны. Усҟан ателехəаҧшраҿы аус зуаз, Шамил Хəсеин-иҧа Ҧлиа, даара днапхгаҩ бзиан, убри инаиркны зегьы адгылара сырҭеит, исыцхрааит, шықəсыбжак анаҩс ателехəаҧшра аспецифика сҵеит, уижьҭеи сыҩн ду аҿы сыҟоуп", — иҳəеит алаф ҳəара зҟазшьоу Даур.

30 шықәса ирылагӡаны, ажурналист Даур Инаҧшьба тематикала еиуеиҧшым адырраҭарақəа мҩаҧигоит. Иҟоуп урҭ рахьтə гəыблыла игəалаиршəақəо.

"Усҟан атехниказы ҳашмаџьаназгьы, арлахҿыхратə дырраҭарақəа мҩаҧызгон, алкаақəа ҟазҵоз аихшьаалатə дырраҭарақəа авторс срыман, арежиссиор хада Амиран Гамгьиеи сареи "Ҳазҭагылаз аамҭа" ҳəа адырраҭара еиҿаҳкааит. Ишиашоу ицоу аефирқəа мҩаҧызгон. Сара имҩаҧызгоз адырраҭарақəа рахьтə иҟоуп аҿар ирымаздазгьы", — ҳəа азгəеиҭоит ажурналист.

Президент Абхазии Сергей Багапш в Кремле. Архивное фото. - Sputnik Аҧсны
Инаԥшьба: Сергеи Багаԥшь Кремль дышрыдыркылаз абара акыр иаԥсан

Даур Инаҧшьба авторс дызмаз адырраҭарақəа рацəан, еиҳаракгьы Аҧсны Аџьынџьтəылатə еибашьра иазкыз атематикатə дырраҭарақəа, режиссиорс еснагь диман Амиран Гамгьиа. Ҳазҭагылоу аамҭазы, ажурналист ирҿиара еицакра ақəым, есааира ҧхьаҟа ицоит. Иара аиҳабы ихаҭыҧуаҩыс аус иухьеит, аамҭаказы ателестудиа еиҳабыс дыҟан, убас еиҧш имҩаҧигахьоу аныпынҵақəа маҷым.

"Уажəы сара хҳəааҟаҵаҩуп ателехəаҧшраҿы. Еиҳарак аус ахьызуа ажəабжьқəа рҟноуп, аинформациатə дырраҭарақəа рыҟəшаҿы. Аҧсны Ар срыдҳəалоуп, аполитикатə хҭысқəа ахьымҩаҧысуа аҟынтəи арепортажқəа ҟасҵоит, аизара дуқəа рҟынтəи "Амшеикəшара иацу" ҳəа адырраҭарақəа снапы ианырҵоит, иҟасҵоит. Ажурналистикатə етика инақəыршəаны, ламысцқьала аус зуеит, еилых-еилаҵа сымаӡам, аполитикатə еибарххара сахьыҧшӡам", — ҳəа азгəеиҭоит Даур Инаҧшьба.

Аҧсуа телехəаҧшра ашьақəгылара инаркны уи аус зџьабаа аду, иахьа уи еихазҳауа зегьы ажурналист ақəҿиарақəа рзеиҕьаишьоит.

"ПТС ҳəа иҟоу раҧхьаӡа ианааргоз, убри зџьабаа адыз Семион Адлеиба, Владимир Ҳашба, Павел Саӡба рыхьӡ сҳəарц сҭахуп. Иара убас зыдунеи зыҧсаххьоу, иахьа иҳавагылам, аибашьраан иҭахаз, аибашьра ашьҭахь ааха зауны зыҧсҭазаара иалҵыз ҳҩызцəа рыҧсаҭа бзиахааит. Иахьа аус еицызуа аҳəоуеиқəшəара рыманы Анцəа иҟаиҵааит, ақəҿиарақəа рымазааит", — иҳəеит Даур Инаҧшьба.

Акадр анҭыҵ

Ажурналистцəа, акорреспондентцəа ракəзар ателехəаҧшцəа аекран аҟны ирбоит, убри аан иҟоуп зусура аџьабаа ду ацу егьырҭ аусхкқəа знапы рылаку ауаа. Уа дыҟоуп амашьынаныҟəцаҩ, уа дыҟоуп ҳусура ҳəаақəызҵо, уа иҟоуп амонтаж ҟазҵо, иҭызхуа аоператорцəа, арежиссирцəа, атехникцəа уҳəа аӡəырҩы.

Медеиа Гəаланӡиаҧҳа, 20 шықәса инареиҳауп Аҧсуа телехəаҧшраҿы амонтаж ҟаҵаҩ лаҳасаб ала аус луеижьҭеи. Лара занааҭла дырҵаҩуп, аханатə бзиа ибаны лнапы злалкыз аус иахьа уажəраанӡагьы дацəхьамҵыц. Амонтаж аҟаҵара акəзар, иара ахатə кəамаҵамарақəа амоуп.

"Ажурналистцəа иаҳзааргоу анҵамҭақəа ирылахəуп еиуеиҧшым ауаа, урҭ рахьтə иҟоуп еиҿкааны ицəажəо, изымцəажəо. Еиҳаракгьы аҧсуа бызшəа зегьы еиҧшны ирызҳəаӡом. Убри убранӡа аус адаҳулоит, иара ииҳəаз изымдыруа аҟынӡа днаҳгоит. Иҟоуп ажəа анбан агəылаҧҟаны иааган ианалаҳаргыло", — лҳəеит Медеиа Гəаланӡиаҧҳа.

Аԥсуа радио 70-тәи ашықәсқәа раан амаҵ азызуаз: аредактор хада Артиом Амқәаб, акорреспондентцәа Владимир Аҳашба, Елена Гәнԥҳа, Семион Адлеиба, апрограмма аҭыжьҩы Ҭамара Хышԥҳа. - Sputnik Аҧсны
Аԥсуа радио ахаҿқәа

Акадр анҭыҵ аус зуа амонтажҟаҵаҩ инапы иҵихуа аус даара аҭакҧхықəра ацуп. Медеиа раҧхьа аусура даналага, иахьа иҟоу атехника аҩыза ыҟамызт. Усҟан ацəаҳəатə монтаж ззырҳəо ала аус руан. Аха уи русура алҵшəа ианымҧшит, ахаҭабзиара еснагь иҳаракын, аефиртə аамҭа иахьырыгӡон ажурналистцəа ранҵамҭақəа.

"Светлана Палҧҳаи сареи аус еицаҳуан раҧхьа санааи, анаҩс Давид Аҩӡба исирҵаз рацəоуп. Аколлектив ҩнаҭак исзаҩызоуп. Сқəыҧшӡаны срыланагалеит, сышрыдыркылаз иҧхаӡа сгəы иҭоуп еснагь. Уаанызкыло ауалафахəы ыҟамзаргьы, иҟоуп зегь раҧхьа иргыланы агəыбылра", — лҳəоит Медеиа.

Медеиа аусура далагеит Ажəабжьқəа рыла, анаҩс аҧышəа анлоу, адырраҭарақəа рахь аусура диаргеит.

"Акыр шықəса адырраҭара "Аӡыхь" еицыҟаҳҵон зыҧсҭазаара иалҵхьоу Гарик Дбари, Ахра Акабеи сареи. Анаҩс, Амиран Гамгиа режиссиорс дызмаз адырраҭара "Ҳазҭагылаз аамҭа". Абас еиуеиҧшымыз адырраҭарақəа амонтаж рзызуан, анаҩс Ажəабжьқəа рахь сеиҭадыргьежьит", — лгəалашəарақəа ҳацеиҩылшеит Медеиа Гəаланӡиаҧҳа.

Акомпиутертə монтаж азныказы Медеиа мап ацəылкит. "Исзымҵар ҟалап"- ҳəа агəаанагара лоуит.

Людмила Хагба - Sputnik Аҧсны
Арадио
Ҳагԥҳа: унапы иҵухыз аматериал есыуаха ҩнаҭацыԥхьаӡа ианнеиуа, гәахәара дууп

"Усҟан ателехəаҧшра ахантəаҩыс иҟаз Гəырам Амқəаб иуа дыҟазма?! "Ибҵароуп, ибызҳароуп, ари аҿы бынхар ҟалаӡом" —иҳəан, акомпиутертə монтаж симырҵар имуӡеит. Иахьа еиҳарак Ажəабжьқəа аус рыдызулоит, иҟоуп адырраҭарақəагьы амонтаж ззызуа: Амшеикəшара иацу, аизара дуқəа, Аҳəынҭқарра Ахада дызлахəу аматериалқəа", — дҳацəажəон аус азҟаза.

Ииашаҵəҟьаны, ажурналист ииҩыз атекст, аоператор иҭихыз асахьа иҽақəыршəаны амонтажҟаҵаҩ аус адиулароуп, уи даара аџьабааи аҭакҧхықəреи ацуп.

"Акорреспондент ииҩыз атексти акадрқəеи еиқəшəо еинрааланы иҟаҳҵароуп, ишахəҭоу еиҧш ахəаҧшҩы изнаҳгароуп. Ҳара ҳус еиҳарак изхьыҧшу аоператор иоуп. Уи ибзианы изҭымхыр, ҳусгьы архьысҳауеит. Ишақəнагоу еиҧш ианҭих, ҳусура арманшəалоит, иарҧшӡоит", — лҳəоит Гəаланӡиаҧха.

Амонтажҟаҵаҩ иусура иазыҧҵəоу аамҭа азалхӡам. Уахгьы ҽынгы аусура дазыхиазар ауп.

"Исгəалашəоит, Гəырам Амқəаби сареи ашьыжь асааҭ ҧшьбанӡа "Огонек" амонтаж аныҟаҳҵозгьы. Асааҭ 6 рзы ауаа русура аныхдыркəшо, ҳара ҳусура иасакьаҳəымҭазар алшоит. Иҟоуп аефиртə аамҭа ҳахьӡаразы минуҭк анҳагу, убри минуҭк ҳара ҳзы ҧсҭазаарак ианаҩсуа. Иахьа ҳусура хыркəшаны аҩныҟа ҳанцо ҳаздырӡом, уи Аҧсны имҩаҧысуа аҭагылазаашьа, ахҭысқəа ирхьыҧшуп", — лҳəоит Медеиа.

Акорреспондент шаҟа иҽазыҟаҵаны днеиуа амонтаж ахь, асинхрон иалихран иҟоу анидыруа, уи аусура арццакуеит. Сара саӡəыкны исгəалашəоит, Медеиа аус анлыцызуаз исалҳəоз ажəақəа, анаҩсгьы шаҟа сабжьазеи: "Сырма, бҽазыҟаҵан бааи, мамзар ҳадхалоит", ҳəа. Аҧсуа телехəаҧшра Аҧсны аҧсышəала абжьы ҿацаӡа иқəыҩларц лҭахуп уи аус акыр зџьабаа аду Медеиа Гəаланӡиаҧҳа.

Абраҟа иазгəасҭарц сҭахуп, хаҭала сара Аҧсуа телехəаҧшраҿы имҩаҧызгоз ҳџьынџьуаа ирызкыз адырраҭара "Агəыҕра" аҕьырак, иахьа монтажҟаҵаҩыс аус зуа Фарида Џьаҧуаҧҳа лнапы ишыҵылххьоу. Аҭоурыхтə факультет иалгахьоу Фарида, аҧшьбатəи акласс аҿы дантəаз инаркны Аҧсуа телехəаҧшраҿы мышкызны аусура дшалагоз лыӡбахьан лхəыҷтəы хшыҩ ала. Иҟазаап нас ауаҩытəыҩса игəыҕрақəа анынаӡоугьы.

"Убас еиҧш аҭагылазаашьа ҟалеит, ажурналистикахь сымцакəа даҽа занааҭк алысхыр акəхеит. Аха, ҩныҵҟала акы исыҵанаҳəон еснагь, Аҧсуа телехəаҧшраҿы аусура сшалагоз. Сқыҭа Ҷлоу иалҵыз Алхас Чолокəуа Аҧсуа телерадиоеилахəыра хантəаҩыс данарҭа ашьҭахь, саҳəшьеи иареи еибабан иалҳəеит, ҭыҧк ыҟазар Фарида даара илҭахуп шəышҟа аусура анеира ҳəа. Иҟалараны иҟазар акəхарын, сидикылеит, аусура салагеит", — илгəалалыршəоит Фарида Џьапуаҧҳа.

Наала Мукба - Sputnik Аҧсны
Наала Мықәԥҳа: аԥсуа бызшәа иҵауланы аҵара алаӷырӡи агәырӷьареи сзацын

Зус ҭакҧхықəрала иазыҟоу, зегь рыгəшəымшəа аҳəара иашьҭоу Фарида, аус лыцызуа зегьы ҳаҭырла илзыҟоуп. Уимоу, ианџьаршьо ыҟоуп, шаҟа ҟазшьала бҭынчузеи ҳəа.

"Уус бзиа иануумба, усушьа умаӡам. Уҭел уахгьы-ҽынгьы аус аулароуп, ҵхыбжьон асааҭ хҧа рзы иуҧхьар алшоит. Хҭыск ҟалеит, аҭел иузасит, аҭыҧ аҿы уҟазароуп, уусуратə аамҭа нырҵəаны аҩныҟа уцахьазаргьы. Еилукаауазароуп ужəлар рымаҵ аура унапы шалаку, уи еснагь уазыхиазар шакəу", — ҳəа азгəалҭоит Фарида.

Абар, уажəшьҭа Фарида фышықəсоуп Аҧсуа телехəаҧшраҿы аус луеижьҭеи. Убри аамҭа иалагӡаны ҵҩа рымам лнапы иҵылххьоу адырраҭарақəа.

"Сара зегь реиҳа бзиа избоит Ажəабжьқəа рҿы аусура. Уи еснагь аццакра ацуп. Абар аефиртə аамҭа ааигəахоит, мамзаргьы аефир ацара иаҿуп, убри аан ажурналисти сареи ҳаидтəаланы атекст амонтаж аҟаҵара ҳаҿуп, ишырҳəо еиҧш, ҳаҧсы арахəыц иануп, избанзар Ажəабжьқəа рҭыжьымҭа нҵəаанӡа, мамзаргьы иалагаанӡа анҵамҭа аефир иахьаҳагӡароуп. Уи агəаҭеира шацу еиҧш, иацуп агəырҕьарагьы уус ианаамҭоу ианыхуркəшалак", — лҳəеит Џьапуаҧҳа.

Ателехəаҧшҩы, хымҧада аекран ала иибоу анҵамҭа, дызхəаҧшуа адырраҭарақəа рырхиашьа иаҵоу атехникатə маӡақəа издыруам. Уи иара аус адызулоу роуп изнапынҵоу.

Слава Саканиа - Sputnik Аҧсны
"Шәазыхиоума аибашьра?": арратә журналист Слава Сақаниа 60 шықәса ихыҵит

"Аус зцаҳуа ауаа ҟазшьала еиҧшӡам, зегьы ргəы иақəшəо аҟаҵара уҽазушəароуп. Иҟоуп лаҕырӡыда иузыҟамҵо, ахьаа зцу аус, еиҳаракгьы аибашьра иазку атематика. Ҳажəлар рхьаа ҳхьаауп, ргəырҕьара ҳгəырҕьароуп, уи зегьы ҩныҵҟала иаҳныруеит ҳнапы злаку аус аҟны", — дҳацəажəон Фарида.

Ииашаҵəҟьаны, исгəалашəоит Фаридеи сареи аус здаҳулоз адырраҭарақəа уахи-ҽни ҳанырҿыз. Иҳамбаӡакəа ҵхабжьонахь аамҭа ахы анархоз, егьҳазгəаҭомызт. Уажəы-уажə ус слазҵаалон:"Фарида, абри ҳазҿу адырраҭара ҳахəаҧшцəа ргəы иақəшəо иаҳзыҟаҵару?" — ҳəа. Лара ажəа мыцхəы лҳəаӡомызт, даасыхəаҧшны ус насаҭалкуан: "Ишҧалымҵуеи!".

"Зегьы гəыла-ҧсыла аус зуа роуп аҧсуа телехəаҧшраҿы. Знык ара иааиз, аусура агьама збаз, дызҿу аус даҟəыҵны дцараны дыҟаӡам. Аҧсуа телехəаҧшра еснагь аизҳазыҕьара амҩа ианызарц сҭахуп, ахьӡ-аҧша ахааназы еицакра ақəымлааит", — ҳəа азгəалҭоит Фарида Џьапуаҧҳа.

Хаҭала ҭабуп ҳəа расҳəарц сҭахуп, нҵамҭак иҭагӡаны зыӡбахə сзымҳəаз, стелехəаҧшратə дырраҭара аус адызулоз зегьы, анбанҟəшəаҩ иналыркы аимадаҩ лҟынӡа. Хаҳəык мацарала аимхəыц ҧшӡа шыузыҟамҵо еиҧш, Аҧсуа телехəаҧшра адырраҭара аиҿкаара аӡə ихала имч азхом. Аидгылара, арҿиаратə гəацҧыҳəара рзеиҕьасшьоит сҩызцəа. Аҧсуа Телехəаҧшра аиреи ашьақəгылареи зџьабаа аду зегьы рыхьӡ еснагь иаҳгəалашəоит. Ажəабжь бзиақəа еибаҳҳəалааит. Мҩамш, Аҧсуа телехəаҧшра!

Ажәабжьқәа зегьы
0