Урыстәылатәи аимадаҩцәа аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥыргеит

Аԥсны иҟоу аполигон "Ҵабал" аҿы имҩаԥгаз аҽазыҟаҵарақәа ирылахәын 500-ҩык рҟынӡа арратә еимадаҩцәеи 70 цыра арратә техникеи.
Sputnik

АҞӘА, абҵара 9 – Sputnik. Аԥсны иҟоу Урыстәыла Аладатәи арратә округ аимадаҩцәа "аӷа" аимадаратә пункт иажәылара ааныркылеит аполигон "Ҵабал" аҿы имҩаԥысуаз аҽазыҟаҵарақәа раан ҳәа аанацҳауеит Аладатәи аокруг апресс-маҵзура.

Аладатәи арратә округ аррамаҵзурауаа ахысрақәа рзы аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥыргеит

Аҽазыҟаҵарақәа разыԥхьагәаҭарала "аӷа" артиллериатә мцала аимадара машьынеи егьырҭ атехникатә хархәагақәеи дрықәлеит, аха иаарласны аштабқәа реимадара шьақәыргылан, аимадарагьы 500 километра иахьаҵанакуа аусура иаларган.

Уи адагьы аимадаҩцәа арадиоԥырхагақәа рҽырцәыхьчареи аинформациа аимдареи еиҿыркаауан.

Аԥсны иҟоу аполигон "Ҵабал" аҿы имҩаԥгаз аҽазыҟаҵарақәа ирылахәын 500-ҩык рҟынӡа арратә еимадаҩцәеи 70 цыра арратә техникеи – аппараттә радиоеимадара "Артек", аспутниктә еимадара "Ливень", арадиоимадарақәа "Л1" абрихь иналаҵаны.