Аԥсныи Урыстәылеи реиҳабырабжьаратә комиссиа аԥхьатәи аилатәара мҩаԥыргеит

Аԥсныи Ҟрыми рыбжьара 2018-2021 шықәсқәа рзы ахәаахәҭра-економикатәи, аҭҵаарадырра-техникатәи, агуманитартәи усеицуразы ауснагӡатәқәа рыплан анапы аҵаҩхоит Аҟәа, абҵара 16 рзы.
Sputnik

АҞӘА, абҵара 15 - Sputnik, Сариа Кәарацхьелиаԥҳа. Абҵара 15 рзы Аԥсныи Урыстәылеи реиҳабырабжьаратә комиссиа аԥхьатәи аилатәара мҩаԥыргеит.

Аԥсны аԥыза-министр актәи ихаҭыԥуаҩ Даур Аршба асасцәа аԥсшәа раҳәо иазгәеиҭеит Аԥсныи Ҟрыми реизыҟазаашьақәа рҭоурых.

Гагреи Иалтеи аиқәшаҳаҭра рнапы аҵарҩит

"Ари акомиссиа раԥхьатәи реилатәароуп. Иара азырхоуп Аԥсны Аҳәынҭқарра Аминистрцәа Реилазаареи Ареспублика Ҟрым Аминистрцәа Рхеилаки рыбжьара 2016 шықәса мшаԥы 15 рзы рнапы зҵарҩыз "Ахәаахәҭра-економикатәи, аҭҵаарадырра-техникатәи, агуманитартәи усеицуразы Аиқәшаҳаҭра" ахықәкқәа рынагӡара. Акомисссиа аҳәаақәа ирҭагӡаны ԥхьаҟатәи ҳаизыҟазаашьақәа ашьаҭа бзиа рызҳархиоит", - иҳәеит иара.

Ареспублика Ҟрым Аминистрцәа Рхеилак ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Георги Мурадов иазгәеиҭеит ареспубликақәа реинырра аҿиараз иҟаҵо шмаҷым.

"Ҳаилатәара раԥхьатәи шакәугьы иара аламҭалаз иҟаҵо рацәоуп. Ҳколлегацәа Даур Вадим-иԥеи Адгәыр Амиран-иԥеи иалтатәи аекономикатә форумқәа ирылахәын", - иҳәеит иара.

Аҟәа, абҵара 16 рзы Аԥсныи Ҟрыми рыбжьара 2018-2021 шықәсқәа рзы ахәаахәҭра-економикатәи, аҭҵаарадырра-техникатәи, агуманитартәи усеицуразы ауснагӡатәқәа рыплан анапы аҵаҩхоит.