Аԥсныи Урыстәылеи реиҳабырабжьаратә комиссиа аԥхьатәи аилатәара мҩаԥыргеит

© Фото : Пресс-служба кабинета министров Абхазии Аԥсни Урыстәылеи реиҳабырабжьаратә комиссиа аԥхьатәи аилатәара мҩаԥыргеит
Аԥсни Урыстәылеи реиҳабырабжьаратә комиссиа аԥхьатәи аилатәара мҩаԥыргеит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсныи Ҟрыми рыбжьара 2018-2021 шықәсқәа рзы ахәаахәҭра-економикатәи, аҭҵаарадырра-техникатәи, агуманитартәи усеицуразы ауснагӡатәқәа рыплан анапы аҵаҩхоит Аҟәа, абҵара 16 рзы.

АҞӘА, абҵара 15 - Sputnik, Сариа Кәарацхьелиаԥҳа. Абҵара 15 рзы Аԥсныи Урыстәылеи реиҳабырабжьаратә комиссиа аԥхьатәи аилатәара мҩаԥыргеит.

Аԥсны аԥыза-министр актәи ихаҭыԥуаҩ Даур Аршба асасцәа аԥсшәа раҳәо иазгәеиҭеит Аԥсныи Ҟрыми реизыҟазаашьақәа рҭоурых.

Гагреи Иалтеи аиқәшаҳаҭра рнапы аҵарҩит - Sputnik Аҧсны
Гагреи Иалтеи аиқәшаҳаҭра рнапы аҵарҩит

"Ари акомиссиа раԥхьатәи реилатәароуп. Иара азырхоуп Аԥсны Аҳәынҭқарра Аминистрцәа Реилазаареи Ареспублика Ҟрым Аминистрцәа Рхеилаки рыбжьара 2016 шықәса мшаԥы 15 рзы рнапы зҵарҩыз "Ахәаахәҭра-економикатәи, аҭҵаарадырра-техникатәи, агуманитартәи усеицуразы Аиқәшаҳаҭра" ахықәкқәа рынагӡара. Акомисссиа аҳәаақәа ирҭагӡаны ԥхьаҟатәи ҳаизыҟазаашьақәа ашьаҭа бзиа рызҳархиоит", - иҳәеит иара.

Ареспублика Ҟрым Аминистрцәа Рхеилак ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Георги Мурадов иазгәеиҭеит ареспубликақәа реинырра аҿиараз иҟаҵо шмаҷым.

"Ҳаилатәара раԥхьатәи шакәугьы иара аламҭалаз иҟаҵо рацәоуп. Ҳколлегацәа Даур Вадим-иԥеи Адгәыр Амиран-иԥеи иалтатәи аекономикатә форумқәа ирылахәын", - иҳәеит иара.

Аҟәа, абҵара 16 рзы Аԥсныи Ҟрыми рыбжьара 2018-2021 шықәсқәа рзы ахәаахәҭра-економикатәи, аҭҵаарадырра-техникатәи, агуманитартәи усеицуразы ауснагӡатәқәа рыплан анапы аҵаҩхоит.

Ажәабжьқәа зегьы
0