Аԥсныи Ҟрыми ишьақәдыргылеит ҩ-ганктәии жәларбжьаратәии аусеицурақәа рыплан

Авидеоцҳа Аҟәа-Симферополь, Аԥсныи Ҟрыми реиҳабырабжьаратә комиссиа аилатәара аихшьаалақәа ирызкыз, мҩаԥысит Sputnik апресс-центр аҿы абҵара 16.
Sputnik

АҞӘА, абҵара 16 – Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Аԥсныи Ҟрыми ахәаахәҭра-економикатә, аҭҵаарадырратә-техникатә, агуманитартә усхк аҟны русеицуразы аиҳабырабжьаратә комиссиа 2019-2021 шықәсазтәи аусура аплани аԥкаанҵеи рнапы рыҵарҩит, иҳәеит Аԥсны Аҳәынҭқарра аԥыза-министр актәи ихаҭыԥуаҩ Даур Аршба Sputnik апресс-центр аҿы абҵара 16 рзы имҩаԥысыз авидеоцҳа Аҟәа-Симферополь аан.

Аԥсныи  Ҟрыми реиҳабырабжьаратә комиссиа аиқәшаҳаҭра рнапы аҵарҩит

"Аусутә еилатәарақәа раан, абҵара 15 - 16 рзы, ҳара азҵаара хадақәа алаҳкааит, арегламент шьақәҳарӷәӷәеит. Аусуратә ҭагылазаашьеи аиҩызаратә ҟазшьеи рыманы имҩаԥысуан ҳаилатәарақәа", - ҳәа азгәеиҭеит Аршба.

Ареспублика Ҟрым Аминистрцәа Рхеилак ахантәаҩ ихаҭыԥуаҩ Георги Мурадов иажәақәа рыла аганқәа ирылшеит еиуеиԥшым аусхкқәа рҟны алҵшәақәа роура.

Ахәаахәҭра-економикатә усеицура ахықәкқәа ируакуп Аԥснынтәи Ҟрымҟа аргыларатә усурақәа рзы аинерттә материалқәа рынашьҭра. Абри аусхк аҿгьы аганқәа еилацәажәеит наҟ-ааҟ аицыфеидара рыманы.

"Иазгәасҭар сҭахуп иахьа ҳазлаҽхәо Ҟрымтәи ацҳа аргыларагьы Аԥсны ахәҭа шалоу. Уи ацҳа асимволра змоу еимадараны ҳахәаԥшыр ауеит", - иҳәеит иара.

Ахәаахәҭра аган ахь ала Аԥснынтәи Ҟрымҟа аӡа анашьҭра иазыԥшуп. Ирылыцәажәоуп аԥсуа шәырқәеи, ахәшеи, аџьбарра злам арыжәтәқәеи, аџьықәреи, ацитрусқәа, аминералтә ӡқәа Ҟрымҟа рынашьҭра азҵаарагьы.

Ҟрымаа рзы аинтерес аҵаны иҟоуп ахәаахәҭра-ааглыхратә тауарқәа рыла аилахәаахәҭра иҳәеит Мурадов, иагьазгәеиҭеит Ҟрым аус шыруа имаҷымкәа абзазаратә техника ҭзыжьуа анаплакқәа.

Мурадов Аԥсныи Ҟрыми рыбжьара аиқәшаҳаҭраз: аусхкқәа зегьы еидаҳкылеит

Аганқәа иара убасгьы иалацәажәеит атуризм аусхки апаромтә еимадареи рызҵаара, аӡбрагьы иазкылсит.

"Аидарамҩангагатә аиԥш апассаџьыртә еимадарагьы акраҵанакуаны ҳахәаԥшуеит. Иаҳҭахуп апаромтә еимадара ишиашоу Ҟрымынӡа инаӡо иҟаларц. Атуристцәа ракәзаргьы Амшын еиқәа аԥшаҳәа зегьы аҭаара, абара зҭаху рзы аныҟәаратә лшарақәа рыҭатәуп. Уи азҵаарагьы аӡбра аҭахны иҟоуп" ҳәа азгәеиҭеит Мурадов.

Акомиссиа алахәылацәа алацәажәеит акультуреи акультуратә ҭынхеи рызҵаарақәагьы: аҟазаратә коллективқәа реимдара азҵаарагьы абрахь иналаҵаны.

Аԥыжәара аҭаны ирылацәажәан адунеижәларбжьаратә ҩаӡара змоу ахырхарҭақәа, аԥхьа иргыланы Шьамтәылатәи ахырхарҭа.

Аԥсни Ҟрыми рделегациақәа реиԥылара иалҵшәоуп аусеицура аплан анапаҵаҩреиԥш ԥхьаҟатәи аимадарақәеи аиныррақәеи разыԥхьагәаҭарагьы. Аиҳабырабжьаратә комиссиа изаамҭанытәиу аилатәара мҩаԥгахоит 2019 шықәса рзы, Ҟрым.