Мурадов Аԥсныи Ҟрыми рыбжьара аиқәшаҳаҭраз: аусхкқәа зегьы еидаҳкылеит

© Sputnik / Томас ТхайцукАреспублика Ҟрым Аминистрцәа Рхеилак ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Георги Мурадов
Ареспублика Ҟрым Аминистрцәа Рхеилак ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Георги Мурадов  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсныи Ҟрыми ахәаахәҭра-економикатә, аҭҵаарадырратә-техникатә, агуманитартә усхк аҟны русеицуразы аиҳабырабжьаратә комиссиа аплани аԥкаанҵеи рнапы рыҵарҩит.

АҞӘА, абҵара 16 - Sputnik, Бадри Есиава. Аԥсныи Ҟрыми рыбжьара аиқәшаҳаҭрала ихадоу аусхкқәа зегьы еидаҳкылеит ҳәа аицкомиссиа аусура дахцәажәеит Ареспублика Ҟрым Аминистрцәа Рхеилак ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Георги Мурадов ажурналистцәа дрыҿцәажәо.

Аԥсныи Ҟрыми реиҳабырабжьаратә комиссиа аиқәшаҳаҭра рнапы аҵарҩит - Sputnik Аҧсны
Аԥсныи  Ҟрыми реиҳабырабжьаратә комиссиа аиқәшаҳаҭра рнапы аҵарҩит

"Ҳара арахь иҳацааит абарҭ ахырхарҭақәа зегьы ирыдҳәало аҟазауаа, аминистрцәа, анапхгаҩцәа. Ишьақәырӷәӷәоуп 2019-2021 шықәсқәа рызтәи аплан. Иара иазыԥхьагәанаҭоит ахәаахәҭра-економикатә, аҭҵаарадырратә-техникатә, агуманитартә усхк аҟны аусеицура", - иҳәеит Мурадов.

Мурадов иазгәеиҭеит 12 даҟьа иҟоу ари аплан шеиқәышаҳаҭрам. Иара иазыԥхьагәанаҭоит иконкреттәу аусқәа. Урҭ рылҵшәақәа ауаҩы ибарҭахоит актәи ашықәс азыҵәҟьа.

Ахәаахәҭра аган ахь ала Аԥснынтәи Ҟрымҟа аӡа анашьҭра иазыԥшуп. Ирылыцәажәоуп аԥсуа шәырқәеи аминералтә ӡқәеи Ҟрымҟа рынашьҭра азҵаарагьы.

Ҟрымаа рзы аинтерес аҵаны иҟоуп ахәаахәҭра-ааглыхратә тауарқәа рыла аилахәаахәҭра иҳәеит Мурадов, иагьазгәеиҭеит Ҟрым аус шыруа имаҷымкәа абзазаратә техника ҭзыжьуа анаплакқәа.

Аԥсныи Ҟрыми русеицура ахырхарҭа иалацәажәеит - Sputnik Аҧсны
Аԥсныи Ҟрыми русеицура ахырхарҭа иалацәажәеит

Георги Мурадов иара убасгьы иҳәеит Аԥсни Ҟрыми рыбжьара ауаҩытәыҩсатә, аиҩызаратә еизыҟазаашьа бзиақәагьы шьақәгыланы ишыҟоу.

"Ҳара ҳалацәажәеит акультуреи акультуратә ҭынхеи рызҵаарақәагьы. Иацы ҳаҭаан иаабеит Аурыс театр ақәыргыламҭа. Актерцәа рыхәмарра шьахә адагьы оумашәа избеит ахәаԥшыҩцәа урҭ шрыдыркылоз", - иҳәеит иара, иагьациҵеит аҟазаратә коллективқәа реимдара азҵаарагьы шышьҭыхыз аиԥылараҿ.

Аԥсныи Ҟрыми аҳәаанырцәтәи атәылақәа рсанкциақәа ирыҵаркуеит. Уи аспорт аҿиара шыԥнакуагьы аҳәынҭқаррақәа реидкылара иацхраауеит уҳәар ауеит иҳәоит Мурадов.

Гагреи Иалтеи реимадара акәзар, амшынтә еимадара зегь раасҭа иманшәалоу еимадароуп иҳәеит Мурадов агәыӷрагь ааирԥшит Бабышьра аҳаиртә баӷәаза аартхар, уи еиҳагьы ишымариахо.

Ажәабжьқәа зегьы
0