Ҳаџьымба Ҟрым Аминистрцәа Рхеилак ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ дидикылеит

Аԥсныи Ҟрыми рыбжьара 2018 – 2021 шықәсқәа рзы ахәаахәҭра-економикатә, аҭҵаарадырра-техникатә, агуманитартә усеицура аҿиараз ауснагӡатәқәа рыплан анапы аҵаҩхоит абҵара 16 рзы.
Sputnik

АҞӘА, абҵара 16 - Sputnik. Рауль Ҳаџьымба Ҟрым Аминистрцәа Рхеилак ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Георги Мурадов дидикылеит ҳәа аанацҳауеит атәыла ахада иофициалтә саит.

Рауль Ҳаџьымба асас аԥсшәа иаҳәо иазгәеиҭеит ареспубликақәа реизыҟазаашьа аҵак ду аманы ишыҟоу.

Аԥсныи Урыстәылеи реиҳабырабжьаратә комиссиа аԥхьатәи аилатәара мҩаԥыргеит

"Ҳара ҳзы акраҵанакуаны иҟоуп Ҟрым аиԥш Урыстәылатәи афедерациа зегьы аус ацура. Ҳаигәырӷьоит ҳаиныррақәа еиҳа-еиҳа рҽахьдырҭбаауа. Агәра згоит шәара напхгара зышәҭо аиҳабырабжьаратә Комиссиа урҭ еиҳагьы ирыцхраалап ҳәа", - иҳәеит атәыла ахада.

Георги Мурадов иазгәеиҭеит Аԥсныи Урыстәылеи рыжәларқәа рыбжьара аусура ааиԥмырҟьаӡакәа ишымҩаԥгалатәу.

"Ҳара иахьа Акомиссиа актәи аилатәара мҩаԥаагеит. Даур Џьумка-иԥеи ҳареи ҳаилацәажәеит иаҳзеиԥшу азҵаарақәа аӡбра шраҳҭашаз. Ҳара иаҳҭахуп ҳтәылақәеи ҳажәларқәеи рзы иаԥсоу аусқәа ҟаҳҵаларц", - иҳәеит Георги Мурадов.