Амцеи ахәышҭаареи рыԥсҭазаара
Знык адәы снықәыԥшны сыԥсындаз аҳәозшәа, аԥси-аԥси еихьымӡо аҿышәҭа еиқәаҵәа инкылыххуан алҩаҵә. Адунеи зегь ҟәашкакараӡа ианнықәыԥшлак, уажәшьҭатәи сыԥсра ԥсрам аҳәозшәа, ихәхәаӡа аҽааиҵнахуан. Абыржәыҵәҟьа акәны Анцәа иааибиҭазшәа ицқьан адгьыл.
Шәышықәса зхыҵуаз, қыҭак еиҵазааӡахьаз аԥсуа ԥацха идәылыҩуан агәырӷьабжь. Илакьылакьуан ахәышҭаарамца иахылҵуаз алҩаҵә.
Алҩаҵәи алҩаҵәи еикәаҵәиуа еицыланы иԥырҵәомызт аԥсҭазаара арахәыц. Иццакуан алҩаҵә адәахьтәи алашара иналаԥшырц, оумашәагьы агәы хыҭхыҭуан.
Иццакуан, аха иахон иаанызкылоз аҽа мчыкгьы. Арҭ ашықәсқәа идыреиқәаҵәахьаз, ахәажә быцала ишшыз, ажәытә зны мҳарара зуаз аԥсуа ԥацха аԥсы азыҩнгомызт, избанзар уа иҩнан амцеи ахәышҭаареи еиларҵаз аԥсҭазаара.
Мап, уԥсы ҩнугартә иҟаҵәҟьамызт ари аҩнра. Амца иахылҵуаз аԥхарра аасҭа идуун уаҟа иҩназ ауаа ирхылҵуаз аԥхарра. Мцадагьы уарԥхон.
– Сыԥсы науқәшәааит, скәырбан, укамҳааит. Анцәа ду духылаԥшуп…
– Умшәан, сбыжәгәалам. Ахаҵа дзиуа дкаҳаргьы дгыларцоуп. Еихга аҽа шьаҿак…
Андуи абдуи рыбжьара дныбжьыга-аабжьыго аныҟәашьа идырҵон рԥа иԥа…
Иԥхон ахәышҭаарамца. Илакьуан алҩаҵә.
Адгьыли аҿиареи
Акәаԥ-акәаԥ-акәаԥ… аҵламахәқәа рхаҿы ӡәӡәаны, арахәыц-па абырсааҭк иааилаарцырны инкаҭәоит асырӡ. Аҭаца қәыԥш лыччаԥшь-гәырӷьахә аҟараҵәҟьа ихаамзаргьы, илаша-лашо аччаԥшь канарҵәоит амра. Ацыԥхь-нацәкьарақәа иршьышьуеит адгьыл агәы, еиԥхьырышьшьаауеит ахаҿы, иҭагәӡуеит алакҭа. Џьара-џьара "ан ишаалыхшаз" ипашәӡа, напкьыс-шьапкьыс амамкәа, ҽыҭ-ҽыҭ ишьҭоуп асы (аӡә дыскьымсуандаз, сыԥсуазаргь ус сыԥсуандаз!). Ахшароура иазыԥшу аԥҳәыс леиԥш иҭагылом адгьыл агәы. Уи лассы иахылҵраны иҟоуп аҟата. Абри амш иазыԥшу аԥсабара иархиоит иссиру ацәамаҭәа. Уи хымԥада ииаҵәазароуп, агәыӷра иаԥшшәызароуп, какаҷла ихыркызароуп.
Акыр-кыр, акыр-кыр… аҵла ирыҵаҩуеит аччабжь. Иарӷьоит ахәрақәа, иарбоит алаӷырӡ.
–Усхьымӡаӡеит! Усхьымӡаӡеит! Еиҭах суцәцеит!
–Сбыхьӡоит! Зегь дара роуп сбыхьӡоит. Башаӡа бмыҩын, усгьы сбыхьӡоит. Ибымбари…
"Ибымбари…ибымбари… ибымбари…" аныҩбжьы мҵанарсуеит аҳауа.
Напкьыс-шьапкьыс змамыз ас-ҽыҭ днылаԥалеит аӡӷаб. Иагьаарыцҳалшьеит. Иаалҭаххеит ҽыҭк иадамзаргьы лхаҿы инахьшьны, игәыдкыла-хыдкыланы иаалыргәыбзыӷырц, аха абан ани аҷкәын дахьлыхьӡо.
Акыр-кыр, акыр-кыр… иахьызгьы ахашҭыртә аччабжь нахеибаҳәеит ас-ҽыҭ. Иара убри иазыԥшызшәа, аҵла амахәаҿ иаагәылҵит апытҟәыр. Ишаагәылҵыз еиԥш иагьаахарахаԥшит, сабаанагеи аҳәарызшәа.
Раԥхьаӡа адгьыл инықәнарԥшыз алаԥшгьы нарықәшәеит анҭ аҩыџьа.
Аҷкәын уажәы аӡӷаб длыхьӡазаарын, лыҩнапык игәыдкылан, инапсыргәыҵақәа иргәылакны иԥсыԥ ала ирԥхон.
Адгьыл иқәлан иаауан аҿа аира аамҭа.