Арадио

Аиба: сынтәа ҳбаҳчақәа аҽаҩра бзиа ҳарҭеит, аха аҭира цәгьахеит

Ақыҭанхамҩа аинститут иаҵанакуа Гәдоуҭатәи анхамҩа "Ҳара ҳбаҳча" аиҳабы Џьото Аиба арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭеиҳәеит сынтәа аҽаҩра зеиԥшроуи, раалыҵ аҭиразы уадаҩрақәас ирымоуи ртәы.
Sputnik

"Ҳанхамҩа зынӡа 33 гектар иҟоуп. Иҳааӡо ашәырхкқәа рахь иаҵанакуеит — акиви, афеихоа, аҵәа, ахәырма, апекан. Аҵәазы сынтәа аҽаҩра даара ибзиоуп, аха аҭира цәгьахеит. Ирацәаны иааргоит атәым ҳәынҭқаррақәа рҟнытә. Иара аԥшӡаразы иԥшӡоуп, аха афара сақәшаҳаҭым. Ҳара хаҭала аџьырмыкьахь инаагаӡом ҳаалыҵ, иара шыхаау здыруа иааны иаархәоит. Х-гектарк иаҵанакуа аҿы 120 тонна инареиҳаны аҽаҩра ҳауит, аха 30 тонна раҟара ҩымз ирылагӡаны иҳацәбааит, убас аҭира уадаҩхеит", — ҳәа азгәеиҭеит Аиба.

Аиҿцәажәара инарҭбаан шәазыӡырҩыр ҟалоит арадио Sputnik Аԥсны ишиашоу ицо аефир аҟны, асааҭ 18:00 рзы.