Аиба: сынтәа ҳбачақәа аҽаҩра бзиа ҳарҭеит, аха аҭира цәгьахеит
"Ҳанхамҩа зынӡа 33 гектар иҟоуп. Иҳааӡо ашәырхкқәа рахь иаҵанакуеит — акиви, афеихоа, аҵәа, ахәырма, апекан. Аҵәазы сынтәа аҽаҩра даара ибзиоуп, аха аҭира цәгьахеит. Ирацәаны иааргоит атәым ҳәынҭқаррақәа рҟнытә. Иара аԥшӡаразы иԥшӡоуп, аха афара сақәшаҳаҭым. Ҳара хаҭала аџьырмыкьахь инаагаӡом ҳаалыҵ, иара шыхаау здыруа иааны иаархәоит. Х-гектарк иаҵанакуа аҿы 120 тонна инареиҳаны аҽаҩра ҳауит, аха 30 тонна раҟара ҩымз ирылагӡаны иҳацәбааит, убас аҭира уадаҩхеит", — ҳәа азгәеиҭеит Аиба.
Аиҿцәажәара инарҭбаан шәазыӡырҩыр ҟалоит арадио Sputnik Аԥсны ишиашоу ицо аефир аҟны, асааҭ 18:00 рзы.