Евроеидгыла Амшын еиқәаҿтәи ахҭыс азы аҳәамҭа ҟанаҵеит

Евроеидгыла ааԥхьара ҟанаҵеит аҽынкылара ҟаҵазарц, Урыстәыла аҳәаа еилазгаз украинатәи амшынуаа рхы иақәиҭтәызарц, аҭагылазаашьа аҭышәынтәалара аҽазышәара мҩаԥгазарц.
Sputnik

АҞӘА, абҵара 29– Sputnik. Евроеидгыла иагәҭакуп Керчтәи аӡыбжьахалаҿ аҭыԥ змаз ахҭыс ашьклаԥшра, иазыхиоуп жәларбжьаратәи апартниорцәа ирывагыланы аус аҭышәныртәалара ҳәа аҳәоит ахаша, абҵара 28 рзы ирыларҵәаз, Евроеидгыла ахьӡала европатәи адипломатиа ахада Федерик Могерини иҟаиҵаз аҳәамҭаҿ. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.

Адепутат: Азовтәи амшын аҟны Украина имҩаԥнаго аҽазыҟаҵарақәа провокациоуп

Убри аан аҳәамҭаҿ ирылацәажәам асанкциа ҿыцқәа ралагалара азҵаарақәа.

"Евроеидгыла агәҭынчымра азцәырнагоит Азовтәи амшын аҟны аҭыԥ змоу аибарххара. Урыстәыла амч ахы иахьанархәо даара ишәарҭаны ҳахәаԥшуеит", - ҳәа аҳәоит аҳәамҭа.

Аҳәамҭаҿ Евроеидгыла ааԥхьара ҟанаҵеит аҽынкылара ҟаҵазарц, Урыстәыла аҳәаа еилазгаз украинатәи амшынуаа рхы иақәиҭтәызарц, аҭагылазаашьа аҭышәынтәалара аҽазышәара мҩаԥгазарц.

"Евроеидгыла иагәҭакуп Керчтәи аӡыбжьахалаҿ аҭыԥ змаз ахҭыс ашьклаԥшра, иазыхиоуп жәларбжьаратәи апартниорцәа ирывагыланы аус аҭышәныртәалара ", - ҳәа аҳәоит аҳәамҭаҿ.

Уаанӡа агазеҭ Welt аҟны ирыҩуан Германиеи Франциеи Урыстәыла аганахь ала иҟоу асанкциақәа рырӷәӷәара иаҿагылоит ҳәа. Франциа Адәныҟатәи аусқәа рминистрра абри азҵаара ахҳәаа аҭара аҽацәхьанакит.

Урыстәыла Ашәарҭадаратә маҵзура амҽышаҽны аҳәамҭа ҟанаҵахьан Украина арра-мшынтә флот аӷбақәа "Бердянск", "Никополь", "Яна Капу" Урыстәыла аҳәынҭқарратә ҳәаа еиларгеит, дара мҩаԥызгоз Урыстәыла амшынеиқәатә флоти Афедералтә шәарҭадаратә маҵзура аҳәаахьчаратә маҵзура рыӷбақәеи рышхәақәеи иаангыларц азы иҟарҵоз адҵа иаххәыцуамызт ҳәа. Абри ашьҭахь аӷбақәа аанкылахеит.

ООН Ашәарҭадаратә хеилак мап ацәнакит Керч иҟоу аҭагылазаашьа алацәажәара

Украина Атәылахьчара аминистрра аҳәамҭала арратә ҭагылазаашьа алагалара шьаҭас иҟаҵаны арратә мчрақәа азыхиара ҳаракы рымоуп.

Украина арратә ҭагылазаашьа алагалара шьақәзырӷәӷәо "Верховная Рада" ауп. Иара иааиуа ашәахьаҽны еизароуп абри азҵаара аӡбразы.

"Иреиҳаӡоу рада" атәыла ахада Пиотр Порошенко Украина ахәҭақәак рҟны аҭагылазаашьа ҷыдазы иусԥҟа иақәшаҳаҭхеит. Порошенко аусԥҟа инапы аҵеиҩит Керчтәи аӡыбжьахалаҿ аҭыԥ змаз ахҭыс ашьҭахь.

Абжьыҭиранӡа Порошенко ажәлар рахь аҳәамҭа ҟаиҵеит Украиназ ашәарҭара шыҟоу азы.

"Снапаҿы искуп ҳаԥшыхәыҩцәа еизыркыз адыррақәа. Адокумент жәабала адаҟьақәа рҟны иарбоуп ҳҳәаақәа ирцәыхарамкәа игылоу аӷа имоу аибашьыгатә мчра зеиԥшроу атәы. Украина ақәлара шәарҭа дуны иҟоуп", — иҳәеит иара.

Украинатәи Рада аҭагылазаашьа ҷыда алагалара иақәшаҳаҭхеит

Арадаҿ ирыдыркылаз аӡбара арратә режим алагалара адагьы иалнаршоит иахәҭаны ирыԥхьаӡар ар реидкыларатә уснагӡатәқәа рымҩаԥгара.

"Украина ахада Иусԥҟа № 393 (абҵара 26 2018 шықәса) "Украина арратә ҭагылазаашьа ҷыда алагалараз" инақәыршәан арратә ҭагылазаашьа алагалахоит: Винницктәи, Лугансктәи, Николаевсктәи, Одессатәи, Сумтәи, Харьковтәи, Черниговтәи, иара убасгьы Донецктәи, Запорожиатәи, Херсонтәи аобластқәа рҟны" ҳәа аҳәоит адокумент аҿы.

"Иреиҳаӡоу Рада" аӡбрала Украина ахада иалхра мҩаԥгахоит хәажәкыра 31, 2019 шықәса рзы. Уи азы ирыдыркылоит иахәҭоу ақәҵара.