АҞӘА, абҵара 23— Sputnik. Ҟрым аҟынтәи Урыстәыла Аҳәынҭқарратә Дума адепутат Дмитри Белик РИА Новости иазеиҭеиҳәеит Азовтәи амшын аҟны имҩаԥгаз аҽазыҟаҵарақәа провокациатә ҟазшьоуп ирымоу ҳәа.
"Украина баша аҽазнашәоит Урыстәыла аргәаарц. Амшын аҟны ахысрақәа мҩаԥырго, амырзакан арҳәо иқәло – ҳара ҳзы зегь дара роуп. Ҳара иҳагәҭакым Украина аҵакыра иатәу амшынԥшаҳәа адесант ақәҵара", — иҳәеит Белик.
Урыстәыла акәзар ахатәы дгьылқәеи ахатәы мшынтә ҵакыреи роуп иахьчо.
Азовтәи амшын аҟны аҭагылазаашьа аҽарххеит 2018 шықәса, ааԥынразы. Усҟан украинатәи аҳәаахьчаҩцәа Азовтәи амшын аҟны аӷба урыстәылатәи абираҟ иаҵагылаз "Норд" ааныркылеит. Аекипаж аҩныҟа ахынҳәра рылшеит, акаԥдан иахьа уажәраанӡагьы Украина даанкыланы дыҟоуп. Нанҳәамзазы Херсон иааныркылеит атанкер "Механик Погодин". Уигьы иахьа уажәраанӡа Украина иҟоуп.
Урыстәыла анапхгара Киев иҟанаҵо "мшынтә терроризмуп" ҳәа ахырҳәааит.