ООН Ашәарҭадаратә хеилак мап ацәнакит Керч иҟоу аҭагылазаашьа алацәажәара

Анапаҵаҩра
Уаанӡа Урыстәыла, аҳәынҭқарратә ҳәаа аилагара инамаданы ашьаус хацнаркит, аҳәарагь ҟанаҵеит ООН Ашәарҭадаратә хеилак Азовтәи амшын аҿтәи аҭагылазаашьаз ҷыдала алацәажәара мҩаԥнагарц.

АҞӘА, абҵара 27 — Sputnik. ООН Ашәарҭадаратә хеилак Азовтәи амшын аҿтәи аҭагылазаашьаз ҷыдала алацәажәара мап ацәнакит уи азы уаанӡа Урыстәыла, аҳәынҭқарратә ҳәаа аилагара инамаданы ООН Ашәарҭадаратә хеилак Азовтәи амшын аҿтәи аҭагылазаашьа иалацәажәарц аҳәара шыҟанаҵазгьы. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.

"Амшхәаԥштә азҵаара ашьақәырӷәӷәара иаҿагыланы рыбжьы рҭиит быжьҩык, уи иадгылеит ԥшьҩык, ԥшьҩык абжьыҭира рҽацәхьаркит. Амшхәаԥштә азҵаара рыдрымкылеит", — ҳәа ааицҳаит Ашәарҭадаратә хеилак Китаитәи ахаҭарнак.

Вид на Керченский пролив с набережной в Керчи. - Sputnik Аҧсны
Даур Ақаҩба: Киев имҩаԥнаго апровокациа иахылҿиаауа иазхәыцӡом

Абри аԥхьа, Украина арра-мшынтә флот аӷбақәа "Бердянск", "Никополь", "Яна Капу" Урыстәыла аҳәынҭқарратә ҳәаа еиларгеит, дара мҩаԥызгоз Урыстәыла амшынеиқәатә флоти Афедералтә шәарҭадаратә маҵзура аҳәаахьчаратә маҵзура рыӷбақәеи рышхәақәеи иаангыларц азы иҟарҵоз адҵа иаххәыцуамызт ҳәа. Абри ашьҭахь аӷбақәа ааныркылеит Урыстәылатәи амшынԥшаҳәаҟынӡа 20 километра рҟынӡа бжьани Ҟрымтәи ацҳа аӷбақәа ахьыҵысуа аҟынтәи 50 километра рҟынӡа набжьани.

Абри аан хҩык украинатәи амшынуаа ахәрақәа роуит. Урҭ ахәышәтәырҭаҿы ацхыраара рыҭоуп. Рыԥсҭазаара шәарҭа иҭагылам.

Урыстәыла, аҳәынҭқарратә ҳәаа аилагара инамаданы ашьаус хацнаркит, аҳәарагь ҟанаҵеит ООН Ашәарҭадаратә хеилак Азовтәи амшын аҿтәи аҭагылазаашьаз ҷыдала алацәажәара мҩаԥнагарц.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0