Арадио

Габлиа: Ашықәс ҿыцаз аҳҭнықалақь ауаа рыбла аргәырӷьартә иҟалоит

Аҟәа Ашықәс ҿыц аԥылара иабанӡазыхиоу, иамоума аныҳәатә хаҿра арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭеиҳәеит аҳҭнықалақь асахьаҭахыҩ хада Руслан Габлиа.
Sputnik
Габлиа: Ашықәс ҿыцаз аҳҭнықалақь ауаа рыбла аргәырӷьартә иҟалоит

"Сынтәа иалкааны ирхиахоит Леон имҩаду, акы иаламҩашо илашаӡа улахь иааиуа иҟалоит. Излауа ала ирлашахоит егьырҭ амҩадуқәагьы, иара убас еиуеиԥшым аҳаблақәа, ҳәарада, Амҳаџьырра рымҩадугьы ула аргәырӷьартә иҟалоит. Ҳгәы иҭоу рацәоуп, иацаҳҵаша ыҟоуп, ҵыԥх аасҭа сынтәа еиӷьхарц ҳҭахуп", - ҳәа азгәеиҭеит Габлиа.

Аиҿцәажәара инарҭбаан шәазыӡырҩыр ҟалоит арадио Sputnik Аԥсны ишиашоу ицо аефир аҟны, асааҭ 18:00 рзы.