АҞӘА, абҵара 30 – Sputnik, Бадри Есиава. Ахәаша, абҵара 30 рзы имҩаԥысуа Аминистрцәа реилазаара аилатәараҿы ирыдыркылеит аусеиҿкааратә мзар ҳәа аҭыԥ аҟынтәи иааицҳауеит Sputnik акорреспондент.
2019 шықәса ажьырныҳәа 1- 8 ныҳәатә ԥсшьарамшны ишьоуп. Асабша, ԥхынҷкәын 29 усутә мшуп, ԥхынҷкәын 31, ашәахьа – ԥсшьарамшхоит. 2019 шықәса рзы Амшаԥ мшаԥымза 28, амҽыша иахьақәшәо инамаданы, ашәахьа, мшаԥымза 29 ԥсшьарамшхоит.
Традициак аҳасабала ишьақәгылаз Кәырбан-ныҳәа азгәаҭахоит нанҳәамзазы. Аминистрцәа реилазаара макьаназ ишьақәыдмырӷәӷәацт уи амш анақәшәо. Алаҳәара мҩаԥгахоит арыцхә жәамш шагу.