Афестиваль "Сoncerto grosso" мҩаԥысит Аҟәа

Аклассикатә музыка афестиваль "Сoncerto grosso" мҩаԥысит ԥхынҷкәын 2 рзы.
Sputnik

Сариа Кәарацхьелиаԥҳа, Sputnik

Аклассикатә музыка афестиваль "Сoncerto grosso" мҩаԥысит ԥхынҷкәын 2 рзы, Аҟәа. Аԥснытәи аҳәынҭқарратә филармониа азал ҭәын, тәарҭак ҭацәны иубомызт. Аклассикатә музыка шамахамзар ас ажәлар еизнагаӡом, аха афестиваль "Сoncerto gross" ибзианы ирдыруеит заҟа гәахәара роуа арахь иааир.

Афестиваль "Сoncerto grosso" мҩаԥысит Аҟәа

Ишеилкаахаз ала "Сoncerto grosso" адуцәа реиԥш ахәыҷқәагьы бзиа ирбахьеит.

Ахәаԥшҩы қәыԥш Ева-Мариа афестиваль "Сoncerto grosso" ахь уаанӡагьы дааиқәахьан. Лара лхаҭагьы амузыка лнапы алакуп.

Афестиваль "Сoncerto grosso" мҩаԥысит Аҟәа

Афестиваль азыӡырыҩцәа ирыднагалоит адунеитә классика амузыка: Бах, Бетховен, Моцарт, Шостакович, Мендельсон рфортопианатә концертқәа.

Сынтәа "Сoncerto grosso" 12-ҩык рҟынӡа амузыкантцәа аднагалеит. Дара зегьы еиуеиԥшым амузыкатә конкурсқәа ирлауреатцәоуп.

"Насыԥ ҳаман ҳхы аабоит афестиваль қәҿиарала иахьымҩаԥысыз", – лҳәоит аконцерт ашьҭахь апроект "Сoncerto grosso" анапхгаҩы Нинель Бжьаниаԥҳа.

Нинель Бжьаниаԥҳа иазгәалҭеит IX афестиваль "Сoncerto grosso" ауаа рацәа шаҭааз. Нинель Бжьаниаԥҳа агәрагара лымоуп аклассикатә музыка абзиабара аҿар еиҳа-еиҳа ишрылаҵәо.

Афестиваль "Сoncerto grosso" шьаҭанаркит Аҟәатәи амузыкатә ҵараиурҭа.