Дмитри Кәартаа ипроект аконкурс "Headliner года" иаҵанакит

Аԥхьахә "Headliner года" – 2017 шықәса рзы ишьаҭадыркыз Урыстәылазегьтәи премиоуп.
Sputnik

АҞӘА, ԥхынҷкәын 4 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Арҵаратә проект "Дела футбольные" аԥхьахә "Headliner года" аиуразы аконкурс аҟны номинантәуп ҳәа еиҭеиҳәоит апроект автор, ашьапылампыл асыҩ Дмитри Кәартаа.

"Ҳапроект ашьапылампыл асыҩцәеи азыҟаҵаҩцәеи ирзырхоуп. Ҳара иҳаӡбеит ҭыԥк аҿы ари агәыԥ рзы иактуалу аинформациа еизаагарц. Аинформациа акыр ирацәоуп. Ҳара еиҳа иаҭаху алаҳкаауеит", — иҳәеит иара.

Дмитри Кәартаа еиҭеиҳәеит арҵаратә проект аԥҵара аидеиа зцәырҵыз аҿар атеориатә дыррақәа рыҭаразоуп ҳәа.

Рафик Багаҭелиа: Аԥсны ашьапылампыл ахәыҷтәы командақәа рыда изыҿиом

Апроект асоциалтә ҳақәа рыла ирыладырҵәоит, дарбанызаалак изҭаху иоуеит аинформациа ҳаамҭазтәи ашьапылампыл аҿиашьазы.

Кәартаа иажәақәа рыла, асоциалтә ҳа ахархәаҩцәа апроект "Дела футбольные" бзиа ибаны ирыдыркылоит.

Аԥхьахә "Headliner года" –2017 шықәса рзы ишьаҭадыркыз Урыстәылазегьтәи ԥхьахәуп. "Headliner года" иахықәкуп ашықәс ахедлаинерцәа, аидеиатә лидерцәа, акультура, абизнес, аҭҵаарадырра, аспорт, ауаажәларратә ԥсҭазаара алагала азыҟазҵо рыӡбахә аҳәара.

Аԥхьахә аҟны аиааира зго аԥхьахәқәа рыҭахоит хәажәкыра 1, 2019 шықәса рзы.

Дмитри Кәартаа ипроект азы абжьыҭира ҟалоит абра: https://award.head-liner.ru/nominations/sport/483/.