Рафик Багаҭелиа: Аԥсны ашьапылампыл ахәыҷтәы командақәа рыда изыҿиом

CC0 / / Футбольное поле
Футбольное поле - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
XXVI ашьапылампыл азы Аԥсны ачемпионат алагеит абҵара 10 рзы. Ачемпионат иалахәуп ф-командак.

АҞӘА, абҵара 23 – Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Аԥсны апрофессионалтә шьапылампыл ҿиашьа амаӡам ахәыҷтәы командақәа аԥаразоужьра рзыҟаҵаны ацхыраара роуаанӡа ҳәа арадио Sputnik иазынаицаит гәдоуҭатәи ашьапылампылтә клуб "Риҵа" азыҟаҵаҩ Рафик Багаҭелиа.

Азыҟаҵаҩ иажәақәа рыла, Аԥсны ашьапылампыл асыҩцәа қәыԥшцәа ԥарала рыцхраара иаҵагылоу аҭаацәа роуп.

"Аҭаацәа роуп ахәыҷқәа рымаҭәа, иара убас атәыла анҭыҵҟа ацара аԥара ахызшәаауа. Аҳәынҭқарра ақәгәыӷреиԥш аспонсорцәа рыԥшаарагьы аҭахуп", — иҳәеит иара.

Афинанстә проблемақәа рыдагьы ахәыҷтәы командақәа рҿы иҟоуп ииашамкәа азнеира апроблема иҳәоит азыҟаҵаҩ. Иара игәаанагарала иахьазы 14 шықәса ирҭысхьоу ашьапылампыл асыҩцәа роуп узықәгәыӷуаны иушьаша.

Инал Хашиг - Sputnik Аҧсны
Арадио
Ҳашыг ашьапылампыл азы Аԥсны ачемпионат иазкны: ас хара ҳзымцар ҟалап

"14 шықәса ирҭысхьоу ашьапылампыл асыҩцәа роуп узықәгәыӷуаны иушьаша. 2001-2002 шықәсқәа рзы ииз иахьа ашьапылампыл иацәыӡит. Ҳара аӡәык-ҩыџьак аалхны Урыстәылаҟа аҵарахь иҳашьҭуеит, егьырҭ ус иаанхоит. Усеиԥш азнеишьа иашам", — иҳәоит иара.

Ашьапылампыл азыҟаҵаҩ иажәақәа рыла, апроблемақәа зегьы рхы ахьыҵырхуа аҳәынҭқарра ацхыраара ахьазыҟамҵо ауп. Ацәажәара акәымкәа аус ахь ииастәуп – абри ауп иарбанызаалак аус формуланы иамоу иҳәоит Багаҭелиа.

Ажәабжьқәа зегьы
0