Аҟәа ақалақь ахәҭак ӡыда иҟоуп аӡыҭгагатә станциаҿ авариа ахьыҟалаз иахҟьаны

Ахаша, ԥхынҷкәын 5 раахыс Аҟәа ақалақь ахәҭак ӡыда иҟоуп аӡыҭгагатә станциаҿ авариа ахьыҟалаз иахҟьаны.
Sputnik

АҞӘА, ԥхынҷкәын 7– Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Аҟәа ақалақь Алашарбагеи Депои араионқәа рҿи Шотландскаиа амҩеи ауааԥсыра ӡыда иҟоуп аӡыҭгагатә станциа № 2 аҿы авариа ахьыҟалаз иахҟьаны ҳәа Sputnik иазаанацҳаит "Аӡыканал".

"Аӡыҭгагатә станциа №2, Ешыра аладатәи акалҭ аҿы иҟоу, аусура афымцамч азхом. Иацижьҭеи аремонттә усурақәа ирҿуп. Иахьазы аусурақәа хҳаркәшап ҳәа ҳгәыӷуеит", - рҳәеит "Аӡыканал" адиспетчертә хәҭаҿы.

Ахаша, ԥхынҷкәын 5 раахыс Аҟәа ақалақь ахәҭак ӡыда иҟоуп аӡыҭгагатә станциаҿ авариа ахьыҟалаз иахҟьаны.