Џьапуа: ҳапринцип хада - абыргцəеи аҿарацəеи рдыррақəа реиԥшьра ауп

Аҧсны аҭҵаарадыррақəа ракадемиа апрезидент Зураб Џьапуа дазааҭгылеит академиа аусуреи, аихьӡарақәеи ртәы, иара убасгьы ҳазҭоу ашықәсазы русура аихшьаала ҟаиҵеит. Аиҿцәажәара анылҵеит Cырма Ашәԥҳа.
Sputnik

Сырма Ашәԥҳа, Sputnik

- Аҧсны аҭҵаарадыррақəа ракадемиа ҳазҭоу ашықəс азы аусурақəа реихшьала шəазааҭгыларц сҭахуп, иарбан лкаақəоу иҟашəҵарц ишəылшо?

Аҳашба: Аҭҵаарадыррақәа ракадемиа аспирантура аҟны анапхгаҩцәа ҳазхаӡом

- Аҧсны аҭҵаарадыррақəа ракадемиа ахықəкы хада-Аҧсны аҭҵаарадырра анапхгара аҭара ауп, уи ахьымҩҧысуазаалакгьы, иалкааны иара Академиа иаҵанакуа аинститутқəа рҿы. Иахьазы урҭ аинститутқəа ааба ҳамоуп. Ихадароу ахырхарҭақəа хҧа ыҟоуп: агəманитартə, афизика-математиктə, амедика-биологиатə, анхамҩатə уҳəа, ахырхарҭақəа зегьы рҿы аҭҵаарадырра анапхгара аҭара. Сҩызцəа сыгəра ганы Академиа сахадыргылеижьҭеи хəышықəса ҵит сынтəа, ашықəс анҵəамҭазы. Убарҭ ашықəсқəа зегьы ҷыдала снапы злакыз сколлегацəагь саргьы аҭҵаара-дырра аиҿкаара зырманшəалаша азинтə документқəа роуп, убарҭ рыӡбара, рыҟаҵара, реиқəыршəара, рыдкылара. Ҳзинтə документқəа рҟынтəи зегь реиҳа ихадароуп Аҧҟаҧцəа ҿыц. Убри ҩышықəса иреиҵамкəа аус адаҳулон. Аҧсны Ахада ишьақəирҕəҕəеит, аиустициа аминистрра иҭанаҩит. Убри анаҩс еиуеиҧшым Аусҧҟақəа, Академиа анапы иану азҵаарақəа Аҧсны аҭҵаарадыррақəа рзы иҟоу азакуан инақəыршəаны азҵаарақəа даара ирацəоуп, уи Академиа апрезидиум анапы иануп. Иаҳҳəап, ВАК афункциақəа, иреиҳаӡоу аттестациатə комиссиа ҳəа иҟоу, Урыстəыла иҟоу ВАК афункциақəа апрезидиум инанагӡоит. Уи иаанагоу уи ауп, аҭҵаарадырра аус азы адиссертациақəа рыхьчара, аспирантура аиҿкаара, Академиа аҩныҵҟа иҟоуп аспирантура аҟəша, аҿарацəа рааӡара. Адоктортə, акандидаттə диссертациа рышьақəырҕəҕəара, адипломқəа рыҭара уҳəа анапы иану даараӡа ирацəоуп ҳакадемиа апрезидиум.

- Шəызлацəажəаз азҵаарақəа зегьы рҿы иҟоума алҵшəақəа?

- Ааи, иҟоуп алҵшəақəа. Ҳажəлар, ҳҵарауаа еилыркаауеит аҭҵаарадырра ада ҳҳəынҭқарра ҿиашьа шамам. Иарбан ганзаалакгьы аҭҵаардырра шьаҭас иҟазароуп, адырра ҿыцқəа аҧызҵо, уи аҧызҵо аҵарауаҩ иоуп.

- Аинститутқəа финансла реиқəыршəара азҵаара шҧаӡбоу?

Ҳаџьымба: Аԥсны аҭҵаарадыррақәа Академиа 20-шықәса ахыҵра иналукааша хҭысуп

- Иаҳҳəарц ҳалшоит шьаҿақəак ҟаҳҵеит ҧхьаҟа ҳəа ари аус аҿы. Убас еиҧш азинтə документқəа ҳадаҳкылеит, ҳаспирант иацы иоуазҭгьы хнызқь мааҭ астипендиа, иахьа иоуеит хəнызқь мааҭ, уи ҧара дуӡам, аха ҳдокумент убри аҩыза алшара ҳнаҭоит. Иара убас, аспирант инапхгаҩы, аҵара изырҵо ирҵаҩцəа руалафахəы иацаҳҵеит. Аминистрцəа реилазаараҿы даара еилкаарыла иазнеит аинститутқəа рҿы аус зуа ҳҵарауаа руалафахəқəа реиҟаратəра, асистема аҭан иҟаҵоуп. Академиагьы, аинститутқəагьы аҳəынҭқарратə статус рымоуп.

- Инаскьаҳго ашықəс азы иҿыцу аинститут аҧышəҵеит, иарбану?

- Аҧсны аҭҵаарадыррақəа ракадемиа анапаҵаҟа аекономикеи азини ринститут аҧаҳҵеит. Аҳəынҭқарра аҿиараҟны аекономикеи азини рҵакы закəу еилышəкаауеит. Ари аинициатива Аҧсны Ахада Рауль Џьумка-иҧа Ҳаџьымба иҳаҵеиҳəаз ауп, ҳаргьы инаҳагӡеит. Уаанӡагьы иқəгылан ари азҵаара, аха инагӡамкəа иҟан, уажəы ари аинститут аҿы ҿыц иаҧаҳҵеит.

- Аҧсны аҭҵаарадыррақəа ракадемиа апрезидент ҿыц иалхрақəа мҩаҧысит. Ҩаҧхьа агəрагара шəоуит, шəеиҭалырхит, ишəыдысныҳəалоит. Иарбан зҵаарақəоу напы злашəкырц шəгəы иҭоу?

- Иҟасҵарц сгəы иҭоу маҷымкəа иҟоуп, хымҧада. Аҭҵаарадырра анапхгараҭара, иара убас аҭҵаара ахаҭа нап аркра. Аҭҵаарадырра саҟəыҵны саныҟала, снапхгараҭарагьы ҧсыҽхоит, акагь аҳəаӡом. Убри аҟынтə сгəы иҭоуп аҩбагьы ахьынӡасылшоу еицызгаларц, хəышықəса рыҩныҵҟа ихацҳаркыз азҵаарақəа рыцҵара, урҭ рҕəҕəатəуп, ихарҭəаатəуп, ишахəҭоу еиҧш имҩаҧгатəуп. Ҳинститутқəа рҿы аҧсахрақəа ахьаҭаху маҷымкəа иҟоуп. Зегь раҧхьа иргыланы акадрқəа ааӡатəуп. Уи аҟны ҳхы иаҳархəароуп еиуеиҧшым аформақəа. Раҧхьа игылоуп ҳара ҳакадемиа аспирантура, аҭҵаарадырратə ныҟəарақəа, еиуеиҧшым аконференциақəа рыҽрылархəра, аҳəаанырцəтəи аимадарақəа иалкааны рырҕəҕəара аҭахны избоит.

Џьапуа: аҭҵаарадырра ашьаҭа змам аҳәынҭқарра, аҳәынҭкараа анҵыра амаӡам

- Урыстəылатəи аҭҵаарадыррақəа ркадемиеи шəареи ишəыбжьоу аимадара зеиҧшрои?

- Уаҟагьы даара аҽыҧсахрақəа ҟалеит, ибзиаӡаны аимадарақəа ҳабжьоуп. Хəышықəса ирылагӡаны Урыстəылатəи аҭҵаарадыррақəа ракадемиаҿы аиҧыларақəа сыман, ахықəкы иҳамоу азааигəахаразы акыр аус ҳаухьеит. Уажəы анапхараҭара ҿыцқəа ыҟоуп, урҭи ҳареи ҳаимадоуп, иҿыцу апротокол аҟаҵара ҳаҿуп, ҳнапы аҵаҳҩырц ҳгəы иҭоуп. 2005 шықәса раахыс Аиқəшаҳаҭра ахаҭа ҳамоуп, уи аус аурц азы иҵегьы аҵакы аҭатəуп. Урыстəыла иҟоу аҭҵаарадырратə фондқəа (Российский Фундаментальный фонд), убри иаҵанакуеит агуманитартə ҭҵаарадыррақəагьы, аҧсабаратə ҭҵаарадыррақəагьы. Убри ала дареи ҳареи иҳабжьоуп аиҿцəажəара. Иҳамоу аиқəшаҳаҭра ҳарҿыцуеит, атекст хиоуп, инхаз анапҵаҩра ауп. Уи ҳара иаҳнаҭо даараӡа акрыҟоуп. Афонд 20 млрд.рҟынӡа амоуп. Ҳара ҳаиқəшаҳаҭра ашьаҭала, аурыс ҵарауааи, аҧсуа ҵарауааи аус злеицыруша апроектқəа ҟаҵаны аус еицаҳуеит. Аурыс ҵарауаа апроектқəа ирылахəу РФФИ ирнаҭоит аҧара, аҧсуа ҵарауаа азеиҧш проектқəа ирылахəыз урҭ рҧара аӡəгьы ишəаӡомызт уажəраанӡа. Аминистрцəа реилазаараҿы иҟаҳҵаз аицəажəарақəа ирыбзоураны, афинансқəа рминистрра аҟынтə 4 млн. рҟынӡа аҧсуа ҵарауаа аусеицуратə проектқəа рзы аҳəынҭқарра аҧара шырзоунашьҭуа саҳаит. Уи даара еихьӡараны исыҧхьаӡоит, иунаҭо алшарақəа рацəоуп. Ҳазҭалоу ашықəс инаркны убри азҵаарагьы ӡбахеит, ҳаҧхьаҟа иҵегьы аҭагылазаашьа еихаҳҳап, аҭагылазашьа еиҕьаҳтəып. Зегьы ирыцкуп аҳəынҭқарреи ауаажəларреи рҟынтəи аилкаара ҳаур, уи иаҳəоу рацəоуп. Академиаҿы убри аҩыза апринцип ҳамоуп-абыргцəеи аҿарацəеи рдыррақəа реиҧшьра, абиҧарақəа реимадара амҩа ҳануп. 2019 шықәса рзы аҧсахра бзиақəа ҳҧеиҧшуп. Зегь раҧхьа игылоу аҵарауаҩ хаҭа ипотенциал ииашаны ахархəара ауп, аҵарауаҩ иинтересқəа рыхьчара, уи ҳара ҳзы ихадароуп, избан акəзар аҵарауаҩ ихаҭа иааӡара жəашықəсагь, ҩажəашықəсагь азхом, 30 шықәса рҟынӡа дагоит, аӡə иқəра уҳəар алшоит. Аҭҵаарадырра -даараӡа иҵаҕоу, даараӡа заҳаҭыр баны изызнеитəу усхкуп. Аҵарауаҩ астимул иҭатəуп, иҟаиҵараны иҟоу еиҳаны иҟаиҵоит.

- Ашықəсҿыцазтəи шəгəазыҳəара, шəзеиҕьашьара.

- Илашоу, иҧхоу адныҳəалара ауп исымоу. Раҧхьаӡа иргыланы сколлегацəа, урҭ рыҩныҵҟа иҟоуп сырҵаҩцəа, сҵаҩцəа, рызегьы ирыдысныҳəалоит гəык-ҧсык ала. Иааиуа Ашықəс Ҿыц азы агəабзиара раҧхьа иргыланы ирыгымзааит, агəабзиара иацысҵоит ауалафахəы бзиа, агəалаҟазаара бзиа, ақəҿиаратə гəҭакқəа рынагӡара, Анцəа дырхылаҧшааит! Аҭҵаарадырра ззырхоу ҳара ҳауаажəларр насыҧла еиҿкааны, уаҵəтəи рымш лашаны убас Анцəа иҟаиҵааит. Ҳара ҭоурыхла, 25 шықәсазы раҧхьа иаҳхаҳгаз ҳаибашьра уҳəару, а-19-тəи ашəышықəсазы амҳаџьырра уҳəару, ҳажəлар ирхыргахьоу даараӡа акрыҟоуп. Аха, сгəы иаанагоит арыҕьарахь ҳхынҳəны иахьатəи аҧсҭазаара ҳаламӡыкəа, ҳшаҧсыуаау ҳаанхо, ҧсуаҵас ҳхəыҷқəа ҳааӡо ҳҟалап ҳəа, насыҧ рыманы ҳажəлар Анцəа иҟаиҵааит!