"Иалҳхит 22 ҩымҭа, уахь иаҵанакуеит ажәеинраалақәеи апоемақәеи. Асценари ҩымз рҟынӡа аус адаҳулон. Апоетикатә спектакль хы-хәҭакны ишьақәгылоуп: алирика, аепос, аиҭагамҭақәа. Ишдыру еиԥш, Мушьни Лашәриа апоетцәа рҩымҭақәа аурысшәахьынтә аԥсшәахь еиҭеигахьеит, иара убас еиҭагоуп иара иҩымҭақәа. Аҩымҭақәа иалху зегьы ҭоурыхк-ҭоурыхк аадырԥшуеит, апоет дҟазоуп, ицәаҳәақәа рыла асахьа ҭихуеит.
Арежиссиор иазгәалҭеит апоетикатә спектакль аус адулараан Жәлар рпоет Мушьни Лашәриа иажәалагалақәа ҳасаб шрызуз, гәахәара дула аус шицылуаз.
Аԥсны Жәлар рпоет, аиҭагаҩ, алитератураҭҵааҩы, акритик, академик Мушьни Лашәриа 80-шықәса ихыҵра аҳаҭыр азы С. Ҷанба ихьӡ зху Аԥсуа ҳәынҭқарратә драматә театр аҟны ԥхынҷкәын 12 рзы ахәылԥаз мҩаԥгахоит.
Шәазыӡырҩы аудио. Иаҳа инеиҵыху аицәажәара шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аҟны.