Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Аргәынԥҳа Лашәриа ииубилеи иазку ақәыргыламҭаз: аҟаза аус ицура гәахәаран

© Sputnik / Томас ТхайцукРежиссер Мадина Аргун
Режиссер Мадина Аргун - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсуа драматә театр арежиссиор Мадина Аргәынԥҳа арадио Sputnik аҟны еиҭалҳәеит Жәлар рпоет Мушьни Лашәриа ииубилеи азы иқәдыргылаз апоетикатә спектакль аус адулара шцоз.

"Иалҳхит 22 ҩымҭа, уахь иаҵанакуеит  ажәеинраалақәеи апоемақәеи. Асценари ҩымз рҟынӡа аус адаҳулон. Апоетикатә спектакль хы-хәҭакны ишьақәгылоуп: алирика, аепос, аиҭагамҭақәа. Ишдыру еиԥш, Мушьни Лашәриа апоетцәа рҩымҭақәа аурысшәахьынтә аԥсшәахь еиҭеигахьеит, иара убас еиҭагоуп иара иҩымҭақәа. Аҩымҭақәа иалху зегьы ҭоурыхк-ҭоурыхк аадырԥшуеит, апоет дҟазоуп, ицәаҳәақәа рыла асахьа ҭихуеит.

Аргәынԥҳа Лашәриа ииубилеи иазку ақәыргыламҭаз: аҟаза аус ицура гәахәаран
Ажәеинраалақәа иалху зегьы занџьырла еидҳәалоушәа қәыргыламҭак аҿы иҟоуп", —  лхәеит Аргәынԥҳа.

Арежиссиор иазгәалҭеит апоетикатә спектакль аус адулараан Жәлар рпоет Мушьни Лашәриа иажәалагалақәа ҳасаб шрызуз, гәахәара дула аус шицылуаз.

Аԥсны Жәлар рпоет, аиҭагаҩ, алитератураҭҵааҩы, акритик, академик Мушьни Лашәриа 80-шықәса ихыҵра аҳаҭыр азы С. Ҷанба ихьӡ зху Аԥсуа ҳәынҭқарратә драматә театр аҟны ԥхынҷкәын 12 рзы ахәылԥаз мҩаԥгахоит.

Шәазыӡырҩы аудио. Иаҳа инеиҵыху аицәажәара шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аҟны.

Ажәабжьқәа зегьы
0