Астратегиа аҭахуп: Аҟәа иалацәажәон ауаҩытәыҩса изинқәа реилагара апроблема

Ауаҩытәыҩса изинқәа рзы Адунеизегьтәи адекларациа адкылара 70 шықәса ахыҵра инадҳәаланы Аҟәа имҩаԥган астол гьыжь Аԥсны аомбудсмен иофис аҿы ԥхынҷкәын 10 рзы. Ауаҩытәыҩса изинқәа рганахь ала Аԥсны ауааԥсыра проблемақәаны ирымоуи урҭ шаԥырхуеи ртәы шәаԥхьарц ишәыдаҳгалоит Sputnik аматериал аҿы.
Sputnik

Сариа Кәарцхьиаԥҳа, Sputnik

Аԥсны акраамҭа, 2018 шықәса хәажәкырамзазынӡа иҟамызт ауаҩытәыҩса изинқәа знапы иану ихьыԥшым иинститут. Апарламент аҟны атәыла аомбудсмен ҳәа лыхьӡ рҳәеит Асида Шьаҟрылԥҳа.

Аинститут аусура иалагеижьҭеи уахь еиуеиԥшым апроблемақәа рыманы иадҵаалахьеит 50-ҩык рҟынӡа ауааԥсыра. Аԥсны ауаҩытәыҩса изинқәа знапы иану аппарат анапхгаҩы Дана Кәыџԥҳа иазгәалҭеит апроблемақәа шырацәоу.

50 зыҳәа рҟынтәи аӡбра роуит 19% (9 зыҳәак.), аиҳарак арахь иаҵанакыз асоциалтә еиқәыршәара апроблемақәеи аӡбратә процессқәа ахылаԥшра рыҭареи роуп.

"Ҳара ҳахь иадҵаалаз ауаа рганахь ала аӡбратә процессқәа ҳхы рылаҳархәуеит. Иҭаҳҵаауеит аус шымҩаԥысуа азакәантә шьаҭа ахьынӡамоу", — ҳәа лҳәоит лара.

Аппарат ахь инеиз арзаҳалқәа рҟынтәи аа-процентк рҟынӡа рыхәаԥшра залымшеит, иназышьҭыз инарҭбаау аинформациеи иахәҭаны иҟоу адокументқәеи ахьаздмырхиаз азы.

Зны-зынлагьы азинхьчаратә органқәа аԥынгыла аныҟарҵо ыҟоуп.

"27 рзаҳал уажәы аус рыдулара мҩаԥысуеит. Имаҷым аинститут анапынҵақәа рынагӡара аԥынгылақәа анарҭо. Иҟан аԥынгыла атәылауаҩшәҟә аԥсахра азҵаареи атәылауаа закәаншьаҭада раанкылара азҵаареи рзы. Азинхьчаратә органқәа ҳнырра анырҭахым ыҟоуп. Дара ргәаанагарала ҳара дара рнапынҵақәа ҳхахьы иаагоит, иҳаҭәам анапынҵақәагьы нап рылаҳкуеит. Угәы унархьуеит лассы-лассы амаҵзуҩцәа ҳара ҳнапынҵақәа шырзымдыруеиԥш дара рнапынҵақәагьы иныҭкааны ирыздырам", — ҳәа лҳәоит Кәыџԥҳа.

Ауаҩытәыҩса изинқәа рзы азинмч змоу далырхит Апарламент аҿы

Аомбудсмен Асида Шьаҟрылԥҳа лажәақәа рыла, иахьазы атәылаҿы ауаҩытәыҩса изинқәа аусхкқәа зегь рҿы еиларгоит.

"Ауаа рҭагылазаашьа уадаҩуп. Иҟарҵара рыздырам. Зны-зынла иҳадҵаало уаҳа ас нхашьа шрымам атәоуп ирҳәо", — ҳәа лҳәоит Шьаҟрылԥҳа.

Асида Шьаҟрылԥҳа анагӡаратә мчрақәа реилагарақәагьы азхьаԥшра лылшоит, аха атәылауаа рсоциалтә проблемақәа рыӡбра лылшом. Арахь арҭ апроблемақәа змоу реиҳараҩык атәанчаҩцәа, аинвалидцәа, зылшара ԥку ауаа роуп.

Ауаҩытәыҩса изинқәа рыхьчара знапы иану иазылыԥхьаӡоит арҭ азҵаарақәа ӡбам асоциалтә программақәа аус ахьырымуа азы ҳәа.

"Хырԥашьа змам апроблемақәа ззыӡбтәу ракәны иҟоуп ҳтәанчаҩцәа, Урыстәылатәи атәанчахәы змауа. 500 мааҭ рыла дарбанызаалак иуаҩытәыҩсатә ҭахрақәа изыӡбом. Ҳәарада аҳәынҭқаррагьы уи иазымхәыцуа иҟам, аха…" — лҳәоит лара.

Аомбудсмен проблеманы далацәажәоит ахәышәтәырҭаҿы уаҳа цхыраара ззузыҟамҵо, аха ахылаԥшра ҷыда зҭаху рзы ахосписқәа ахьыҟам.

Ипроблема дуны далацәажәоит аинвалидцәа рынеиҭаҵ-ааиҭаҵра апроблема.

"Иҟоуп жәашықәсала зыҩны идәылымҵуа. Асеиԥш иҟоу апроблемақәа змоу ацхыраара ианазыԥшу иҟаумҵашагь ҟауҵароуп. Ацхыраара рҭахны иҟоуп иманшәалам аҭаацәарақәа ирылҵыз ахәыҷқәа, аҩны ақәыӷәӷәара зауа анацәа. Ҳара иахьа урҭ рыпроблемақәа ҳаӡбартә ҳаҟам", — лҳәоит Шьаҟрылԥҳа.

Аԥсны ахәыҷтәы Фонд ахантәаҩы Асида Ломиаԥҳа иазылыԥхьаӡоит Аԥсны ишхымԥадатәиу зҭаацәаратә ҭагылазаашьа уадаҩу ахәыҷқәа рзы акризистә центр.

"Ахәыҷы ихы ахьыҵеикуа, акрахьифо, акрахьижәуа ацентр ыҟазароуп. Ас иҟоу ахәыҷқәа ацхыраара раҳамҭар ҳаԥхьаҟа иаҳԥылоит. Зны-зынла ацхыраара знык акәымкәа иааиԥмырҟьаӡакәа ианаҭаху ыҟоуп. Иахьа ҳицхрааит, уаҵәы изжәуа иан иаб рахь дхынҳәуазар, иҟаҳҵазгьы башахоит", — лҳәеит лара.

Асида Ломиаԥҳа дазааҭгылеит зықәра маҷу ацәгьоуцәа рыпроблема.

"Ианыҟало ыҟоуп ахәыҷы дыпҟаны, қәымчрыла ицәгьоураз иҿа аниҿырхуа. Уи абахҭа данҭашәалак дшыҟоу деицәахоит. Аԥсны ААР аҟынтәи иҳауа астатистикала урҭ ахәыҷқәа еиҳарак ирӷьычуа ирфо-иржәо оуп", — лҳәоит Ломиаԥҳа.

Аԥсны ауаҩытәыҩса изинқәа рыхьчара апроблема аӡбразы аплан азырхиатәуп аҳәынҭқарра аҿаԥхьагьы адҵақәа ықәыргылатәуп ҳәа агәаанагара лымоуп Асида Шьаҟрылԥҳа.