Ауаҩытәыҩса изинқәа рзы азинмч змоу далырхит Апарламент аҿы

© Sputnik Асида Шакрыл
Асида Шакрыл - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Жәлар Реизара асессиа мҩаԥысит хәажәкыра 21 рзы.

АҞӘА, хәажәкыра 22 мар — Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥсны Жәлар Реизара асессиа мҩаԥысит хәажәкыра 21 рзы. Апарламент адепутатцәа Ауаҩытәыҩса изинқәа рзы азинмч змоу ҳәа далырхит Асида Шьаҟрылԥҳа.

Адепутатцәа ирыдгалан акандидатурақәа ҩба: Асида Шьаҟрылԥҳаи Одиссеи Бигәааи ркандидатурақәа. Маӡалатәи абжьыҭирала Асида Шьаҟрылԥҳа далырхит 23-ҩык адепутатцәа.

Одиссеи Бигәаа изы рыбжьы рҭиит 4-ҩык адепутатцәа.

Асида Шьаҟрылԥҳа диит жьҭаара 11 1966 шықәса рзы. 1995 — 1997 шш. рзы аус луан Аҟәатәи алицеи-интернат арҵаратә хәҭа аиҳабыс. 1999 шықәса рҟынӡа напхгара алҭон апрограмма "Поиск без вести пропавших лиц во время грузино-абхазской войны".

2011 — 2016 шш. рзы Аԥсны Ауаажәларратә палата далахәылан.

Ажәабжьқәа зегьы
0