Уахыки-ҽнаки рыла 700 тонна рҟынӡа амандарина аԥсуа-аурыс ҳәаа иахыргоит

Аурыс-аԥсуа ҳәааҿ "амандаринатә сезон" иасакьаҳәымҭоуп ҳәа азгәанаҭоит Урыстәыла аладатәи аҳазалхратә Усбарҭа.
Sputnik

АҞӘА, ԥхынҷкәын 11 – Sputnik. Есыҽны Аԥснынтәи Урыстәылаҟа ииаргоит 700 тонна рҟынӡа амандарина ҳәа аҳәоит Урыстәыла аладатәи аҳазалхратә Усбарҭа аофициалтә саит.

Иазгәаҭоуп аныҳәамшқәа рыламҭалазы амандаринаҭира еиҳагьы еиҳахап ҳәа. Аиҳарак иара ргоит Москва, Петербург нас егьырҭ ақалақьқәа рахь.

Урыстәылатәи аҳәаахьчаҩцәа "амандаринатә сезон" иазыхиоуп

Ииасыз аԥсшьарамшқәа раан аҳәаа иахыган 1737 тонн амандаринақәа. Есыҽны аҳәаа иахысуеит ақыҭанхамҩатә аалыҵ мҩаԥызго 150 еидарамҩангага машьына. Жьҭаарамза алагамҭа аахыс ашәҟәы иҭаҩуп 11 120 тонна ацитрус шәырқәа ҳәа аҳәоит адырраҭараҿы.

Ҵыԥхтәи ашықәс иадкыланы аалыҵ ахышәа-ҵышәа ԥшьынтә еиҳауп.

Ажьырныҳәа 1, 2019 шықәса инаркны азинмчра аиуеит хаҭалатәи ахархәаразы баџьдатәи атауарқәа ралагалара аԥҟарақәа. Ахатәхаҿқәа хаҭалатәи ахархәаразы баџьда атәыла иаларгало атауар ахәԥса 500 евро ма 25 кьыла артәоит.

Хаҭалатәи ахархәаразы баџьдатәи атауарқәа ралагалара аԥҟара ҿыцқәа ирыҵаркуеит автомашьынатә, аихамҩатә, амшынтә, аӡытә транспорт ала иаларгало атауар.

Иара убри аан аҳауатә транспорт ала ииарго атауар ахәԥса шыҟац иаанхоит: 10 000 евро ма 50 кьыла. Иарбоу ашьақәыргыла аасҭа еиҳау атауар азы иара ахәԥсаҟынтәи 30% абаџь шәатәуп.