Урыстәылатәи аҳәаахьчаҩцәа "амандаринатә сезон" иазыхиоуп

© Sputnik / Илона ХварцкияСбор урожая мандаринов в Гулрыпше
Сбор урожая мандаринов в Гулрыпше - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Уаанӡатәи адыррақәа рыла амандарина атәыла алгара иалагеит жьҭаара 15 инаркны. Иахьатәи аамҭазы аҳазалхратә ҭыԥ "Адлер" аҿы ашәтәы иҭарыҩхьеит 1,8 нызқь тонна ацитрустә шәырқәа.

АҞӘА, абҵара 19 - Sputnik. Есышықәса, аӡын алагамҭаз Урыстәылатәи арегионқәа рахь Аԥснынтәи амҩа иқәырҵоит аидара ҷыда: ацитрусқәа, афеихо, ахәырма. Абри аамҭазы аҳазалхратә ҭыԥқәа равтомҩангагақәа рцәаҳәаҿы амашьынақәа реишьҭагыла аҭыԥ аиуеит ҳәа аанацҳауеит Урыстәыла АШәМ аҳәаахьчаратә Усбарҭа апресс-маҵзура.

"Амандаринатә сезон" аиҳара ԥхынҷкәын азыбжази ашықәс ҿыц аламҭалази ракәны ишьоуп. Уи еснагь еиԥш аҳәаахьчаҩцәеи аҳазалхыҩцәеи азыхиоуп.

Аҳәаахьчаҩцәеи аҳазалхыҩцәеи аидара аҳәаа ахыгара ахылаԥшра ду арҭоит. Аҳәаа захыгара ҟамло аалыҵ азы административтә ма ашьаустә ус хацдыркуеит.

Убас, ииасыз амчыбжь азы Урыстәыла атәылауаҩ амандарина иаҵаҵәахны аҳәаа иахигон ззин ыҟамыз иџьбараз арыжәтәи ацхеи.

Ииасыз ашықәс азы аҳәаа иахыган 5,5 нызқь тонн амандарина.

Ажәабжьқәа зегьы
0