Аԥсуа культура афестиваль "Анаҟәаԥиа" мҩаԥысуеит Арзамас

Аԥсуа культура афестиваль "Анаҟәаԥиа" мҩаԥысуеит Арзамастәи азауад Акультуратә хан аҿы.
Sputnik

АҞӘА, ԥхынҷкәын 12 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥсуа культура афестиваль "Анаҟәаԥиа" мҩаԥысуеит Нижегородтәи аобласт, Арзамастәи азауад Акультуратә хан аҿы ԥхынҷкәын 22 рзы ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит ауснагӡатә аиҿкааҩ Џьамал Ҳагба.

Арзамас афестиваль амҩаԥгара иаалырҟьаны иӡбамхеит, Арзамаси Афон ҿыци ақалақь-еишьцәа роуп иҳәеит иара.

"2013 шықәса рзы Арзамаси Афон ҿыци рыбжьара аиашьаратә еизыҟазаашьазы аиқәшаҳаҭра рыбжьарҵеит. Сынтәа аиқәшаҳаҭра 5 шықәса ахыҵуеит. Официалтә ныҟәарала ҳаҭааны ҳаҟан, ақалақь ахадареи азакәанԥҵаратә еизара аиҳаби ҳарԥылеит",  — ҳәа еиҭеиҳәоит иара.

Аиԥылараҿы ирылацәажәан аинырра арҭбаара азҵаарақәа.

"Ахырхарҭа хадақәа ируакуп акультура, убри азы иҳаӡбеит еиҿаҳкаарц афестиваль "Анаҟәаԥиа", — ҳәа еиҭеиҳәоит Ҳагба.

Агәыԥ "Новые голоса" Аԥсны иқәгылоит

Афестиваль иалахәхоит урыстәылатәи ашоуқәа "Голос"; "Ты, супер!" рлахәылацәа.

"Ҳреспублика ахьӡала иқәгылоит: Валериа Адлеиаԥҳаа, Милена Барцыцԥҳа, Леон Қапба, Милена Тачулиаԥҳа. Дара аԥсуа ашәақәеи акәашарақәеи реиԥш инарыгӡараны иҟоуп аҳәаанырцәтәи ашәақәеи акәашарақәеигьы", — иҳәоит иара.

Аԥсуа культура афестиваль "Анаҟәаԥиа" Арзамас амҩаԥысра ҳақалақьқәа аҩба рыбжьара акультуратә еинырразы раԥхьатәи шьаҿоуп ҳәа азгәеиҭоит Џьамал Ҳагба.

"Афон ҿыц ахада Феликс Дауҭиа иазыԥхьагәеиҭоит ҽааны, Арзамас ақалақь амш аҽны аколлектив рацәа алархәны афестиваль амҩаԥгара", — иҳәеит иара.

Аԥсуа культура афестиваль "Анаҟәаԥиа" аҳәаақәа ирҭагӡаны иаартхоит афото-цәыргақәҵа.