Аԥсуа шәыр хьҩежь - амандарина аҿыхра иаамҭоуп

Sputnik

Аԥсны зехьынџьара амандарина аҿыхра иаҿуп. Сынтәа ари ашәырхк иеилаҳауа рзы ныҳәарахоит — аҽаҩра даара ибзиахеит, атәыла анҭыҵгьы меигӡарахда иушьҭыша ыҟоуп.

Аԥсуа мандаринақәа ргьама лымкаала ихауп. Агәаӷь рыланы, шамахамзар, иуԥылом. Аԥсны амандарина асезон абҵарамза инаркны жәабран мзанӡа инаӡоит.

1 / 13
Абҵарамза инаркны Аԥсны ихацыркхеит амандарина аҿыхра аамҭа. Гәылрыԥшьтәи ацитрустә наплакы "Софиа" аҟынгьы амандарина аҿыхра иаҿуп.
2 / 13
Сынтәа ари ашәыр бзианы иит, агьамагьы хаауп.
3 / 13
Аҽаҩра ахьбзиахаз аҟнытә атәыла анҭыҵтәи аџьырмыкьахь меигӡарахда иушьҭыша ҟалоит.
4 / 13
Амандарина ҿырхуеит секаторла, иҭыжәжәаны аҿыхра ҟалаӡом, аҵла иаԥырхагоуп.
5 / 13
Убас ииашаны иҿыху ашәыр анҵырагьы еиҳахоит.
6 / 13
Амандарина аҿыхра иазҟазоу рус ирласӡаны иҟарҵоит.
7 / 13
Сынтәа ацитрусқәа рыҟәшәара хацыркхеит абҵарамза 10 инаркны.
8 / 13
Амандарина аҿыхразы арахь есышыкәса иаауеит Аԥсны ақыҭауаа, иара убас Алада Урыстәылеи, Донецки, Лугански рҟынтә ауааԥсыра.
9 / 13
Сынтәа убас аусуразы иааз ируаӡәкхеит Кот-д'Ивуари Гвинеиеи ртәылауаагьы.
10 / 13
Амандарина ахә ҳаракӡам уажәааны, кьылак - 50 мааҭ ҳәа иухәҳар ауеит.
11 / 13
Ақыҭанхамҩа аминистрра адыррақәа рыла, сынтәа Аԥсныи Урыстәылеи рҳәаа иахыргахьеит 11 нызқь 200 тонна амандаринақәа.
12 / 13
Макьанагьы даҽа 30 нызқь тонн раҟара ацитрустәқәа ҟалоит ҳәа иазыԥшуп.
13 / 13
Аԥсны амандарина асезон абҵарамза инаркны жәабран мзанӡа инаӡоит, егьиабжьара ирҭиуа амандаринақәа, шамахамзар, аԥснытәқәаӡам.