Аԥсны зехьынџьара амандарина аҿыхра иаҿуп. Сынтәа ари ашәырхк иеилаҳауа рзы ныҳәарахоит — аҽаҩра даара ибзиахеит, атәыла анҭыҵгьы меигӡарахда иушьҭыша ыҟоуп.
Аԥсуа мандаринақәа ргьама лымкаала ихауп. Агәаӷь рыланы, шамахамзар, иуԥылом. Аԥсны амандарина асезон абҵарамза инаркны жәабран мзанӡа инаӡоит.

Абҵарамза инаркны Аԥсны ихацыркхеит амандарина аҿыхра аамҭа. Гәылрыԥшьтәи ацитрустә наплакы "Софиа" аҟынгьы амандарина аҿыхра иаҿуп.

Сынтәа ари ашәыр бзианы иит, агьамагьы хаауп.

Аҽаҩра ахьбзиахаз аҟнытә атәыла анҭыҵтәи аџьырмыкьахь меигӡарахда иушьҭыша ҟалоит.

Амандарина ҿырхуеит секаторла, иҭыжәжәаны аҿыхра ҟалаӡом, аҵла иаԥырхагоуп.

Убас ииашаны иҿыху ашәыр анҵырагьы еиҳахоит.

Амандарина аҿыхра иазҟазоу рус ирласӡаны иҟарҵоит.

Сынтәа ацитрусқәа рыҟәшәара хацыркхеит абҵарамза 10 инаркны.

Амандарина аҿыхразы арахь есышыкәса иаауеит Аԥсны ақыҭауаа, иара убас Алада Урыстәылеи, Донецки, Лугански рҟынтә ауааԥсыра.

Сынтәа убас аусуразы иааз ируаӡәкхеит Кот-д'Ивуари Гвинеиеи ртәылауаагьы.

Амандарина ахә ҳаракӡам уажәааны, кьылак - 50 мааҭ ҳәа иухәҳар ауеит.

Ақыҭанхамҩа аминистрра адыррақәа рыла, сынтәа Аԥсныи Урыстәылеи рҳәаа иахыргахьеит 11 нызқь 200 тонна амандаринақәа.

Макьанагьы даҽа 30 нызқь тонн раҟара ацитрустәқәа ҟалоит ҳәа иазыԥшуп.

Аԥсны амандарина асезон абҵарамза инаркны жәабран мзанӡа инаӡоит, егьиабжьара ирҭиуа амандаринақәа, шамахамзар, аԥснытәқәаӡам.