"Ҳара агәра шаҳдырго ала, иааиуа аҵарашықәс аҟынӡа аиқәшаҳаҭра амч аманы иҟалоит. Ари даара ҳзыргәырӷьо усуп, избанзар иахьа уажәраанӡа аҵара аҩаӡара шьақәзырӷәӷәоз ақьаадқәа, аттестатқәа, еиуеиԥшым аҵаратә усҳәарҭақәа рдипломқәа анострификациа иахымскәа ирыдыркыломызт, рыгәра ргомызт. Абри ашәҟәы аҵыхәтәаны Урыстәыла аҳәынҭқарра ахада инапы анаҵаиҩлак амч аиуеит. Ҳаушьҭымҭацәа аҵара ианҭало уиаҟара аџьабаа дмырбаӡакәа ҳқьаадқәа, ҳаршаҳаҭгақәа зегьы рыгәра рго иҟалоит. Сынтәатәи аҵарашықәс аан имаҷымкәа ҳҵаҩцәа, ҳаушьҭымҭацәа Урыстәыла ианҭалоз даара ауадаҩрақәа рхыргеит, аамҭала мызкы-ҩымз рҟынӡа иадхалон ашәҟәқәа рыршаҳаҭра. Урҭ азҵаарақәа аӡбоит ҳәа ҳгәы иаанагоит наҟ-ааҟ аҵара зыршаҳаҭуа ашәҟәы", — ҳәа азгәеиҭеит Какоба.
Ари амчыбжь азы Урыстәыла Аҳәынҭқарратә Дума аҟны аратификациа азун Аԥсныи Урыстәылеи рыбжьара аҵареи аквалификациеи разхаҵаразы аҩ-ҳәынҭқаррак реиҳабырақәа реиқәшаҳаҭра.