"Ари атема даара ахьаа зцу ҭоурыхуп. Акәыргыламҭа иахьатәи аамҭа иашьашәаланы иҟаҵоуп, иахьатәи ашәыгақәа рыла. Арежиссиор Адгәыр Ақаҩба, асценографиа ҟазҵаз Баҭал Џьапуа ирылдыршеит гьама ҳаракыла ақәыргыламҭа аус адулара. Араҟа узырхәыцша ыҟоуп", — ҳәа азгәеиҭеит Чамагәуа.
Ақәыргыламҭа "Ҳаџьы-Мураҭ" апримиера мҩаԥысуеит ԥхынҷқәын 17, 18, асааҭ 19:00 рзы Аурыс драматә театр аҿы.
Инеиҵыху аицәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.