Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Чамагәуа "Ҳаџьы-Мураҭ" иазкны: иахьатәи аамҭа иашьашәалоу, гьамала иҟаҵоу қәыргыламҭоуп

© SputnikТеймураз Чамагуа
Теймураз Чамагуа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аурыс драматә театр аҿы имҩаԥысит ақәыргыламҭа "Ҳаџьы-Мураҭ" апремиера аԥхьатәи арбара. Лев Толстои еицырдыруа иповест "Ҳаџьы-Мураҭ" раԥхьаӡа акәноуп асценахь ианыигаха. Апремеира аԥхьатәи арбара иахәаԥшыз аԥсуа драматә театр актиор Ҭеимыраз Чамагәуа ақәыргыламҭаз игәаанагара иҳәеит.
Чамагәуа "Ҳаџьы-Мураҭ" иазкны: иахьатәи аамҭа иашьашәалоу гьамала иҟаҵоу қәыргыламҭоуп

"Ари атема даара ахьаа зцу ҭоурыхуп. Акәыргыламҭа иахьатәи аамҭа иашьашәаланы иҟаҵоуп, иахьатәи ашәыгақәа рыла. Арежиссиор Адгәыр Ақаҩба, асценографиа ҟазҵаз Баҭал Џьапуа ирылдыршеит гьама ҳаракыла ақәыргыламҭа аус адулара. Араҟа узырхәыцша ыҟоуп", — ҳәа азгәеиҭеит Чамагәуа.

Ақәыргыламҭа "Ҳаџьы-Мураҭ" апримиера мҩаԥысуеит  ԥхынҷқәын 17, 18, асааҭ 19:00 рзы Аурыс драматә театр аҿы.
 
Инеиҵыху аицәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Ажәабжьқәа зегьы
0