Сырма Ашәԥҳа, Sputnik
Аԥсны Жәлар рартист Софа Хынтрыгә-иԥҳа Агәмааԥҳа диит Гәдоуҭа араион Дәрыԥшь ақыҭан. 1956 шықәса рзы лара дҭалоит Шоҭа Русҭавели ихьӡ зху Қарҭтәи атеатралтә институт. Уи даналга ашьҭахь, 1960 шықәса рзы Самсон Ҷанба ихьӡ зху Аԥснытәи аҳәынҭқарратә драматә театр атруппахь дрыдыркылоит. Иара убри ашықәсан Аҟәатәи амузыкатә ҵараиурҭа ахортә дирижиорра афакультет дҭалеит.
Софа Агәмааԥҳа лактиортә ҟазара анаҩсгьы, асахьаркыратә ажәа дазҟазоуп. Еснагь иҿыцу аартрақәа дрышьҭоуп, ааԥсарак ҟамҵакәа арҿиара амҩа дануп.
"Асценаҿы исыхәмархьо даара ирацәоуп, 70 роль рҟынӡа инаӡоит. Усҟан, Асовет ҳәынҭқарра аныҟаз, апланқәа ыҟан. Ашықәсан ԥшьспектакльк ықәҳаргылар акәын. Аԥшьспектакльк шамахамзар сара срылаӡамкәа иҟалаӡомызт. Асолдаҭ идуҵаз мап ацәикыр ҟалаӡом. Убри диҩызоуп актиоргьы. Ианидуҵа, иҟаиҵар акәын. Атеатр аҿы дисциплинада аусура залыршахом", — ҳәа азгәалҭоит Аԥсны Жәлар рартист Софа Агәмааԥҳа.
Софа Агәмааԥҳа иналыгӡахьо арольқәа зегьы еиԥшны исықәҿиеит лымҳәозаргьы, зегьы лгәаҵа иҭоуп, лгәы кырблаауеит.
"Еиҳа имаҷны исыхәмарыз еиҳа игәхьаазгоит, еиҳа ирацәаны исыхәмарыз еиҳа сазгәышьуеит", — лҳәоит Софа Агәмааԥҳа илаҩлыжьхьо аамҭа дазхьаԥшуа.
Ажәлар рыбзиабара иаԥсахахьоу, зҟазарыла ахәаԥшцәа хызххьо Софа Агәмааԥҳа, асценаҿы акыр актиорцәа дуқәа дрыцыхәмархьеит, еиуеиԥшым арольқәа налыгӡахьеит. 60-тәи ашықәс азы аусура далагеит атеатр аҿы, уинахыс атеатр лара илыԥсҭазаароуп.
Актриса лажәақәа рыла, актиор иԥхыӡ иалоуп рҳәоит аспектакльқәа.
— Шәара ԥхыӡла иарбан спектакльу шәахьыхәмаруа?, — азҵаара аҭак Агәмааԥҳа абас лҳәеит:
"Аспектакль "Аиҿахысра" ақәыргылара даҿын Мархолиа. Усҟан адекорациа ԥхыӡырла избеит, иҭымҵӡацызт иара. Уара, Миша, алакә уасҳәоит, "изакәи?" — иҳәан, "уара ԥхыӡырла избеит абри адекорациа зеиԥшрахо" — сҳәеит. "Ишԥаббеи?", — иҳәан, "Амшын ахықә аҿы ақьалеиԥш ак гылоуп, убри аҵаҟа ҳаҵатәаны атекстқәа ҳҳәоит, ҳахәмаруеит", — сҳәеит. Иара убас егьыҟаиҵеит. Амшын ахықә аҿы ақьала иргылеит, асеҭка ақәиршәит, аҩныҵҟа иҟоу зегьы убо, убас еицыҟарҵеит Жениа Катлиарови иареи. Абас сыԥхыӡ лабҿабахахьеит", — лҳәеит Аԥсны Жәлар рартист.
Софа Агәмааԥҳа аурыс режиссиорцәа иқәдыргылоз афильмқәа рҟны, иара убас, Аԥсуа телехәаԥшраҿы дыхәмархьеит еиуеиԥшым аспектакльқәа.
"Фазиль Искандер иҩымҭа иалху афильм "Время счастливых находок" аҿоуп раԥхьаӡа акәны сахьыхәмарыз. Усҟан 28 шықәса сырҭагылан, Сандрик иан лроль насыгӡон. Уамак ала иқәҿиеит Габаи абри афильм. Искандер иԥҳа Аԥсны дааны дыҟан, илыздырӡомызт сара сшакәыз афильм аҿы ихәмаруаз. Ианласҳәа даара иџьалшьеит, "зегь ирылыскаауа фильмуп"- лҳәеит. Габаи дрежиссиор ӷәӷәан. Искандер ииумор ахьеиқәхаз зыӡбахә сҳәо афильм аҿоуп", — ҳәа азгәалҭоит Агәмааԥҳа.
Софа Агәмааԥҳа актрисак лаҳасаб ала, еиуеиԥшым ажанрқәа рҿы лхы аалырԥшхьеит, егьлықәҿиоит зегьы.
"Актиор акы аниқәҿиалак, еснагь убри иашьашәалоу ароль ирҭоит. Атеатр аҿы еиҳа аҭагылазаашьа еиӷьуп, еиуеиԥшым арольқәа уоур алшоит. Сара акомедиа ажанр ала схы ахьаасырԥшыз атеатр аҟноуп. Аинститут аҿы еснагь исыдыргалоз адраматә рольқәа ракәын", — лҳәоит Аԥсны Жәлар рартист.
Софа Хынтрыгә-иԥҳа илгәалалыршәоит "Чарирама" ашҟа лнеира шыҟалаз атәы.
"Чарирама" раԥхьа нап азыркыз Шьоҭа Ҷкадуа иоуп. Актиорцәа: Амиран Ҭаниа, Сериожа Сақаниа, Хәыта Џьапуа, Чинчор Џьениа ааидикылан, абарҭ рыла иалагеит. Аԥҳәыс лрольгьы дара ракәын ихәмаруаз. Нас, Мархолиа далагеит "Вечер комедии" ахьӡны афилармониаҿы аспектакльқәа рҭыжьра. Уа сара салаирхәит. "Чарирама" уамак ала ақәҿиара аман. Убриала акомедиахь ҳхы ҳархеит, ателехәаԥшраҿы иҭаҳаҩуа ҳалагеит", — ҳәа азгәалҭоит Агәмааԥҳа.
Софа Агәмааԥҳа ааԥсарак ҟамҵакәа аҿар реиҵааӡара даҿуп. Напхгара алҭоит Аԥсуа Ҳәынҭқарратә Аҿар ртеатр.
"Аџьма имԥсуа амаҵә азылбаауеит"-рҳәоит аԥсуаа. Акыр шықәса ҵуан атеатр аҿы ҳаҟамижьҭеи. Иахыԥсааз актиорцәа дуқәа рацәоуп. Ауаҩы данкыдҟьо, еиҳа аус иуеит. Уеиқәышәшәа уаныҟо уқәҿиара еиҳа имаҷхоит", — лҳәоит актриса.
Софа Агәмааԥҳа илгәалалыршәоит напхгара зылҭо атеатр аҿиара шыҟалаз атәы.
"Виктор Џьниа, ԥсаҭа шкәакәа, Искандер ишәҟәы иаасиркит. "Аа, бысҭ, абри еиҭагала" — иҳәеит. Аиҭагара зынӡак снапы асмыркӡацызт. Саԥхьан, еиҭазгеит "Харлампои Деспинеи". Уи азкын 37-тәи ашықәс, Сталин аԥсуаа анахыицоз, абырзенқәа анықәигоз аамҭа. Моно спектакль ҟасҵеит, даара иҳақәҿиеит. Москва ҳахәмарит, аԥсуа қыҭа школқәа рҟны иқәҳаргылеит. Абас ауп ҳтеатр аҿиара шыҟалаз", — лҳәоит Софа Хынтрыгә-иԥҳа.
Аҟазарахь инеиуа ауаҩы зегь раԥхьа дзеиуоу идыруазароуп ҳәа азылыԥхьаӡоит Агәмааԥҳа.
"Ҳара ҳаԥсуара, ҳара ҳаламыс, ҳара ҳаиуара-абри атеатр аҿы иҟалароуп. Уи аныҟамла атеатр хыбгалоит. Ҳара ҳтеатр актиорцәа ажәлар ирзааигәоуп. Атеатрқәа ԥшьба ҳамоуп, ақәҿиарақәа рзеиӷьасшьоит! Ахәаԥшцәа ҳамоуп, сгәы иахәоит. Иаҭаху дырны умч азымхакәа ианузыҟамҵа еиҳагьы угәы ԥжәоит, уахыԥсаар алшоит. Сара исааӡаз рҳәоу еиқәшәаны ирҭаху изыхәмаруа иҟаларц, иашарыла аҟазара амҩа ианызарц сҭахуп", — лҳәоит Аԥсны Жәлар рартист Софа Агәмааԥҳа.