Атеатр алакҭа иҭамԥшыц

© Sputnik / Томас ТхайцукЗрители
Зрители - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Иахьа ҳтеатрқәа русушьа анализ азаҳуазар, еиҳарак дара аус ззыруа Аҟәа инхо ауааԥсыра рзоуп, ҳәа агәаанагара лымоуп Sputnik аколумнист Елеонора Коӷониаԥҳа.

Ҳазҭагыло аамҭазы аполитикеи атеатртә ҟазареи еиндаҭлоит уҳәаратәы иҟалеит, уимоу ҳтеатрқәа ахәаԥшцәа рыла иҭәуа излалалгаз ҳаԥшны иаҳҳәозар, ауаа аполитика хырҩа азуны атеатрқәа рахь рхы дырхеит уҳәар ауеит. Акы заҵәык, абри зегь ахьымҩаԥысуа Аԥсны аҳҭны қалақь аҿоуп. Аҟәа иаланхо ирымоуп алшара атеатрқәа хԥа рҭаара.

Нелли Эшба - Sputnik Аҧсны
Аԥсуа театртә ҟазара аеҵәахә

Иахьа мҽхакы ҭбаала аус зуа Аҟәа иҟоу С. Ҷанба ихьӡ зхыу Аԥсуа ҳәынҭқарратә драматә театр, Аԥсны аҿар ртеатр, Ф. Искандер ихьӡ зху Русдрам роуп. Ҳара иҳамоуп иара убас, Шә. Ԥачалиа ихьӡ зху Тҟәарчалтәи аҳәынҭқарратә театр, аха уи макьаназы иамоу алшарақәа рыла, егьырҭ атеатрқәа ирацлабыртә иҟам.

Ииашаҵәҟьаны, х-театрк ибзианы аҿиара иаҿуп, уажәы-уажә ицәырыргоит апремиера ҿыцқәа, асоциалтә ҳақәа рҿы икыдуп урҭ ррепертуар, уи адагьы телехәаԥшрала ицоит аӡыргара.

Аибашьра ашьҭахь акыр аамҭа атеатри ахәаԥшцәеи реиԥыларақәа еиԥҟьаны иҟан, апремиера ҿыцқәа шамаха имҩаԥысуамызт, аха уажәы ишаҳбо ала, ахәаԥшҩы дхынҳәит атеатр ахь, атеатрқәа русура аххьацдыркыз иабзоураны. Абри зеиӷьыҟам ҭагылазаашьоуп акультура арҿиаразы, аха, — аха анырҳәо иҟоуп гәынамӡарак.

Иахьа ҳтеатрқәа русушьа анализ азаҳуазар, еиҳарак дара аус ззыруа Аҟәа инхо ауааԥсыра рзоуп, насгьы, уарла-шәарла Аԥсны анҭыҵгьы ианцо ыҟоуп. Абарҭқәа раан, аганахь инхеит ҳҭәыла егьырҭ араионқәа рҿы инхо ауааԥсыра.Ишдыру еиԥш, имариам усуп аԥсуа нхаҩы изы, ақыҭа аҟынтәи дааны аспектакль дахәаԥшны уаха иҩныҟа игьежьра. Знык, ҩынтә раҟара, иаҳбахьеит араионқәа рҟынтәи иааганы ауаа аспектакльқәа аныддырбо, аха аҳәара уадаҩуп Аԥсны арионқәа зегьы атеатртә ҟазара агьама дырбоуп ҳәа, иара убас, уарла-шәарлоуп атеатрқәа араионқәа рахь ицаны ианықәгылогьы, уимоу, иаҳҳәар ауеит уи ахырхарҭа зынӡа аус адулам ҳәа.

Сара сызлиааз асоветтә система атәы сҳәозар, усҟан абарҭқәа зегьы хәшьадын, атеатрқәа иқәдыргылон ҷыдала аԥхын ақыҭақәа рахь иганы иддырбашаз аспектакльқәа. Урҭ аспектакльқәа рдекорациақәа рнагаагаразы имарианы еибыҭазар акәын, избанзар, ақыҭа клубқәа думызт, урҭ ирымамызт аспектакль дуқәа ауаа дырбаразы аҭагылазаашьа.

Исгәалашәоит атеатр аҿы аус анызуаз, сызлахәыз аԥхынтәи атәыла аҩныҵҟатәи агострольқәа анымҩаԥысуаз, аклубқәа змамыз ақыҭаҿкәа рҿы адәаҿы ҳшыхәмаруаз. Ажәлар еизон, адекорациа еибырҭон иахьыманшәалаз, нас ахәаԥшцәа рзы аҟәардәқәа дыргылон, иҟан асаара итәаны иахәаԥшуазгьы.

7 новелл - Sputnik Аҧсны
Шьаҿак ԥхьаҟа

Абарҭқәа инарҷыданы, усҟантәи аамҭазы, ашколқәа ирҭаауан асахьаркыратә ԥхьарақәа рымҩаԥгаразы Чинчор Џьениеи Сергеи Сақаниеи реиԥш иҟаз актиорцәа хатәрақәа. Ақыҭауаа акыр бзиа ибаны иазыԥшын "Чарирама" ҳәа изышьҭаз, акомедиатә хырхарҭа змаз атеатртә гәыԥ ақәгыларақәа.

Актиорцәа реиԥш ақыҭақәа ирҭаауан ашәҟәыҩҩцәа, урҭ рҩымҭақәа ирыԥхьон, рыгәҭахәыцрақәа аадырԥшуан, ажәакала иҟан акультуратә еиҭанеиааира.

Ҳарҭ ашколхәыҷқәа ҳакәзар, ныҳәак аҳасабала иҳадаҳкылон урҭ раара, рықәгыларақәа ианрылгалак, ҳгыланы ҳарзыԥшуан, изгоз автобус иҭалаанӡа. Аԥснытәи актиорцәеи атеатрқәеи рыдагьы, сара сқыҭаҿы иааны иқәгылон Урыстәылеи Украинеи ртеатр маҷқәа. Ақыҭаҿы иара убас, анхацәа ирыман алшара аконцерти акинои рыхәаԥшра, аус руан абиблиотекақәа, апочтаныҟәгаҩ иааигон агазеҭқәеи ажурналқәеи. Абри адагьы, иҟан аамҭақәа ақыҭауаа автобусқәа ирықәыртәаны Аҟәаҟа аспектакльқәа рыхәаԥшразы ианааргоз.

Исгәалашәоит ахан хьыҵәцара иаҳзаҩызаз аԥсуа театр ахь ҳанааргоз закәытә гәышьҭыхраз ҳара ахәыҷқәа ҳзы. Абарҭқәа ирыбзоураны ҳара ҳабиԥара атеатр абзиабара ҳалаҽны ҳҟалеит.

Уажәтәи аамҭазы, даараӡа атеатр иаҿыгәҳәаауа аӡә иакәымзар, шамаха ақыҭақәа рҟынтәи Аҟәа аспектакльқәа рыхәаԥшра иаауа маҷҩуп, уимоу иаҳҳәар ҳалшоит атеатр иҩнамлац ауаа ыҟоуп ҳәа. Ахәаԥшҩы данхәыҷу инаркны дуааӡароуп, насоуп уи аспектакль бзиеи ахьысҳаи еи ҩидыраауа даныҟало, иара убас, атеатр аҩналаразы агәаҳәара еснагь ицны данышьақәгыло.

Аԥсуа драматә театр - Sputnik Аҧсны
Атеатри аменеџьменти

Зыӡбахә сымаз асоветтә система алшарақәа иамаз еиҳазар акәхарын иахьатәи ҳҳәынҭқарра иамоу аасҭа, аха ус акәзаргьы, атеартә ԥсҭазаара, иара егьырҭ аҟазара ахкқәагьы ақалақьуаа рзы мацара иҿио ҟалашьа амам, уи иархьысҳауеит азеиԥштә культуратә ҩаӡара.

Ауаҩы дуаҩны дҟазҵо акультура ауп, уи ада егьа амал ду ирҳаргьы, идоуҳатә ԥсҭазаара анылаҟәха, ималгьы лҵшәа дук аиуам.

Абри азҵаатәы акырынтә ишьҭаҳхьеит, аха макьаназы, ишақәнагоу ахаҵгылара амам. Атеатртә ҟазара ақалақь иалаханы ишыҟоу еиԥш ауп, егьырҭ акультура ахырхараҭакәагьы шыҟоу.

Иахьа ақыҭақәа рҿы агазеҭқәеи ажурналқәеи анкьеиԥш ирызнеиуам, акинотеатрқәа ракәзар — уи ииасхьо асовет система аҭоурых иахыԥхьаӡалоуп.

Еиуеиԥшым ацәыргақәҵақәеи, аоператә қәгыларақәеи араионқәа рҿы инаӡом, уа инхо арахь раагарагьы мариамхеит. Алшара дуқәа ыҟамзаргьы, сгәанала абри аус амҩақәҵара аҭахуп, шықәсык ахь знык иадамзаргьы, араионқәа рахь ҳтеатрқәа неиааилар, мамзаргьы, ахәаԥшцәа арахь иааганы аспектаклькәа дырбазар, ҳкультуара аҩаӡара ашьҭыхразы акыр ихәарҭахарын. Ус иҟамлар, абиԥарақәа ирызҳауеит атеатр алакҭа иҭамԥшыкәа.

Автори аредакциеи ргәаанагарақәа еиқәымшәозар ҟалоит.

Ажәабжьқәа зегьы
0