Арадио

Арсҭаа: ҳамҩақәа рҿы аԥсҟы зку ауааԥсыра аҳаҭыреиқәҵара рыцәмаҷхеит

Избан асветофорқәа ахьгылоу аҭыԥқәа рҿы амҩатә машәырқәа рхыԥхьаӡара изацлаз, абри иазкны арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны игәаанагара иҳәеит адырраҭара "Авторивиера" амҩаԥгаҩ Гарри Арсҭаа.
Sputnik

"Аҳҭнықалақь аҿы асветофорқәа лассы-лассы аус ахьырымуа адагьы, дара русушьагьы иашам. Ари апроблема хшыҩзышьҭра аҭаны иазнеитәуп. Амашьынақәа рхыԥхьаӡара есааира иацлоит, убри аҟнытә урҭ ҳәаақәызҵо амҩатә дыргақәа рықәныҟәара — ихымԥадатәиу усуп. Ирацәоуп асветофор аус анамуа иҟалало амҩатә машәырқәа, аха амашьынарныҟәцаҩцәа амҩатә ԥҟаррақәа ирықәныҟәозар,  урҭ ҟамлар алшоит. Аԥсҟы зку ауаа дара-дара ҳаҭыр еиқәырҵароуп, аха иахьа уи ҳацәмаҷхеит", — ҳәа азгәеиҭеит Арсҭаа.