"Хра злоу ахҭысқәа": Арсҭаа асветофорқәа русушьа иазкны
"Аҳҭнықалақь аҿы асветофорқәа лассы-лассы аус ахьырымуа адагьы, дара русушьагьы иашам. Ари апроблема хшыҩзышьҭра аҭаны иазнеитәуп. Амашьынақәа рхыԥхьаӡара есааира иацлоит, убри аҟнытә урҭ ҳәаақәызҵо амҩатә дыргақәа рықәныҟәара — ихымԥадатәиу усуп. Ирацәоуп асветофор аус анамуа иҟалало амҩатә машәырқәа, аха амашьынарныҟәцаҩцәа амҩатә ԥҟаррақәа ирықәныҟәозар, урҭ ҟамлар алшоит. Аԥсҟы зку ауаа дара-дара ҳаҭыр еиқәырҵароуп, аха иахьа уи ҳацәмаҷхеит", — ҳәа азгәеиҭеит Арсҭаа.