Урыстәылатәи аԥшыхәцәа Аԥсны ашьхақәа рҟны "аӷа" ижәлеит

Аибашьратә ҭагылазаашьа еиԥштәны иҟазарц аррамаҵзурауаа рхы иадырхәеит еиуеиԥшым ахархәаагақәа: арԥжәагақәа, адырраҭаратә ракетақәа, 10 нызқь рҟынӡа апатрона ҭацәқәа.
Sputnik

АҞӘА, ԥхынҷкәын 21 — Sputnik. Аҧсны иҟоу Урыстәылатәи Аладатәи арратә Округ апресс-маҵзура аиҳабы, аполковник Вадим Астафиев еиҭеиҳәеит аԥшыхәратә архәҭақәа рыруаа ашьхара иахьаԥну аҭыԥқәа рҿы аҽазыҟаҵарақәа шымҩаԥыргаз.

Аполигон "Ҵабал" аҿы аҽазыҟаҵарақәа раан атехникатә хархәагақәа – алазертә приборқәа, арадиолокациатә станциақәа СБР-3, ҳаамҭазтәи ацифратә еимадаратә хахәага "Грот-М", аԥрыгақәа СБР-5 ахархәара рыҭан.

Аԥсны иҟоу Аладатәи арратә округ аруаа ирымоу атехника 70% ҳаамҭа иақәшәоит

Абри атәы аанацҳауеит Аҧсны иҟоу Урыстәылатәи Аладатәи арратә Округ апресс-маҵзура.

Аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥысуан ашьхараҿ, абнара аҭыԥқәа рҟны. Арратә зыҟаҵарақәа рымҩаҧгараан, ахархәара роуит арратә машьынақәа БТР-82АМ, аснаипертә винтовкақәа "Винторез", ахыҧсаҟьагақәа "Печенег", автоматқәа АК-74, иара убас, 250 напылатә гранатақәа. Ажәылараан "аӷа" шьҭахьҟа дыԥхьацан, "абандгәыԥқәа" ырҭаслымын, адокументқәа анапахьы иааган.

Азыҟаҵаратә усмҩаҧгатә ахь 250-ҩык инареиҳаны аԥшыхәцәеи 50 цыра инарзынаҧшуа ҳаамҭа иақәшәо арратә техникеи адыҧхьалан. Иаагозар, акәылӡтранспортиорқәа БТР-82 АМ, акәылӡтәы ԥшыхәратә машьына "Дозор", акәылӡтәы машьынақәа КамАЗ, "Мустанг".

Арратә зыҟаҵарақәа рҿы аруаа еиуеиҧшым атехникатә хархәагақәа рзы ирымоу адыррақәа рыҩаӡара еиздырҳаит.