Аԥсаӡ арԥшӡара: асаркьа иалхны ахәмаргақәа аҟаҵашьа

Аҟәатәи астудиа "Артель" асаркьа иалхны аԥсаӡ азы ахәмаргақәа ҟарҵоижьҭеи акыршықәса ҵуеит.
Sputnik

Аҟәатәи астудиа "Артель" асаркьа иалхны аԥсаӡ азы ахәмаргақәа ҟарҵоижьҭеи жә-шықәса ҵуеит. Зегьы ахьалаго асаркьарчҩы Дмитри Даниулов иусурҭа уадаҟынтәоуп. Иара ари ацех аҿы аус иуеижьҭеи хә-шықәсоуп. Аҟазарҭа ауада цәыҵлашьца аҩныҵҟа зқьы рҟынӡа градус змоу арԥхага адыркуеит. Уи ахархәарала асаркьа ҵаӷа ишуҭаху унапы иацныҟәартә иҟаиҵоит аҟазауаҩ. Даниулов иус амаӡақәа зегьы ныҭкааны иҭиҵаахьеит, ибзиангьы идыруеит ибашоу асаркьа ҟәамҟьа аныҳәатә ссир шалихыша.

Ажәабжь инарҭбаан шәаԥхьар ҟалоит абра>>>