Қапба: Леонти Лабахəуа инасыҧымхеит ҳлитератураҿы инагӡаны иҿахəы аҳəара

Иахьа иҧсы ҭазҭгьы ашəҟəыҩҩы Леонти Лабахəуа ихыҵуазаарын 107 шықəса. Апоет иҧсҭазаареи ирҿиаратə мҩеи игəалаиршəоит алитератураҭҵааҩы, акритик, апублицист Руслан Қапба.
Sputnik

Cырма Ашәԥҳа, Sputnik

Леонти Бахəа-иҧа Лабахəуа диит ҧхынҷкəынмза 26, 1911 шықəса рзы, Очамчыра араион Река ақыҭан. Аҧсуа советтə шəҟəыҩҩы 1936 шықəса рзы Аҟəатəи арҵаҩратə институт далгеит. Акьыҧхьра далагеит 1931 шықəса рзы. Алитератураҿы фышықəса ракəын дахьыҟаз. Иажəеинраалақəеи ипоемақəеи ркьыҧхьхьан аҧсуа поетцəа ҿарацəа рҩымҭақəа реизгаҿы, алитературатə журнал аҿы.

Аԥсуа поезиа наунагӡа зышьҭра анызҵаз: Иуа Коӷониа игәаларшәара

Акритик Руслан Қапба иҭижьхьеит ашәҟәы, иҭиҵаахьеит абаҩхатəра змаз аҧсуа поет Леонти Лабахəуа иҧсҭазаареи ирҿиаратə мҩеи. Акритик ихы иаирхəеит архивтə материалқəа, апоет иҭаҳцəа, иҩызцəа, аҵара ицызҵоз, аус ицызуаз, иааигəаны дыздыруаз аӡəырҩы ргəалашəарақа.

"Аҧсуа поет гəлымҵəах ҳəа ззырҳəо ҳлитература далагылан абаҩхатəра ду змаз Леонти Бахəа-иҧа Лабахəуа. Рыцҳарас иҟалаз, а-37-тəи ашықəсқəа раан харада иҧсҭазаара далырхуеит ҳаҧсадгьыл зҭахымыз, ҳажəлар зҭахымыз, ҳара ҳазҭахымыз ауаа", - абас ҳаиҿцəажəара хацҳаркит акритик Руслан Хəанеи-иҧа Қапба.

Леонти Лабахəуа аамҭа кьаҿк иалагӡаноуп арҿиаратə мҩа дшахьӡаз. Уи аамҭа иалагӡаны иаҧиҵаз иҩымҭакəа, иажəеинраалақəа, ипоемақəа ахааназы ихьтəы фондны ҳмилаҭтə литература иазынхоит.

"Сара сабиҧара иаҵанакуаз ҳəанҳəахла акəын Лабахəуа иҩымҭақəа шҳаҳауаз, иҳамамызт, ҳазрыҧхьомызт, иҩымҭақəа узҭодаз?.. Аха, дандыриаша, ахара шидмыз анааҧш, нас иҩымҭақəа ҭрыжьит. Иакымкəа ҩбамкəа астатиа бзиақəа ҳакритикцəа, ҳшəҟəыҩҩцəа иҭрыжьхьеит. Зегь раҧхьаӡагьы Шьалуа Инал-иҧа истатиа Леонти Лабахəуа изкны иҭижьыз ыҟоуп", - игəалаиршəоит Қапба.

Ус-ус, Леонти Лабахəуа дыҕəҕəаӡа ҳлитература дшалагылаз аацəырҵит, аҧхьаҩцəагьы ирбеит.

"Аҧхьаҩ иахьагьы игəы иалоуп абас иҟаз, игəылҭəааз аҧсуа поет иҿахəы нагӡаны аҳəаха дахьахьымӡаз. Иара еиҧш иаҧхьоз аҧсуа жəеинраала усҟантəи аамҭазы даҽа аҧсыуак дыҟамызт. Леонти Лабахəуа ирҿиамҭақəа рыҭҵаара аинтерес сыман. Раҧхьа Қьаазым Агəмаа ила салагеит, уи ашьҭахь Леуарса Кəыҵниа, убригь дышқəыҧшӡаз аибашьра ашьаӡа-гəаӡа иалҵыз уаҩуп. "Сара сеигӡом сшьа икаҭəоугьы, сыҧсадгьыл иасҭоит аҭоуба, иаҭаххозар сыҧсы иҭоугьы, раҧхьа ишасҭо агəра га!" Абас, Агəмаа аибашьра иалҵны иааз иҩымҭақəа исылшоз ала исыҧшааит", - иҳəоит акритик.

Руслан Қапба имаз аҧышəа ихы иархəаны, Леонти Лабахəуа иусумҭақəа ирызкны аҭҵаара нап аиркит.

"Абраҟа дсыцхраааит аҧсуа философ Михаил Лабахəуа, Леонти Лабахəуа иашьа иҧа, иара убас иашьа гəакьа Артиом, иаҳəшьцəа исарҳəеит ргəалашəарақəа, даара игəыҿкаагаз аепизодқəа ыҟан, сышəҟəы иануп. Леонти Лабахəуа иҩымҭақəа зҩыдан, иҿахəы наӡазҭгьы, ҳаҧсуа литература иалеигалоз иҩымҭақəа еиҳагьы еиҳахон, аха ус иҟалеит иҧсҭазаара", - ҳəа азгəеиҭоит Руслан Хəанеи-иҧа.

Мушьни Лашәриа: аԥсҭазаара уԥхьоит, ирацәоуп аутәы, аҟаҵатә, урҭ ҵҩа рымаӡам

Леонти Лабахəуа ирҿиара, иажəеинралақəа рхатə ҷыдара рымоуп. Ицқьаз, иҵарыз ажəақəа ихы иаирхəон ҳəа азиҧхьаӡоит алитератураҭҵааҩы.

"Даара ибзианы, еиҿартəаны ицааиуан, аҧсуа жəасахьарк ипоезиаҿы иубон. Даҽакы иаламҩашьоз ихатə хаҿра иман. 30-тəи ашықəсқəа рзы еиҵагылаз Қьаазым Агəмаа, Леуарса Кəыҵниа, Шьалуа Ҵəыџьба, Леонти Лабахəуа, Баграт Шьынқəба, Ҷыҷыкəа Џьонуа, Алиоша Џьонуа уҳəа ҳаҧсуа литература ашьаҭа адыркит. Абри ҳдыруазаоуп ҳхы ҳамхакəачны ҳҟамларц азы. Убарҭ ыҟамзар иахьатəи ҳаҧсуа литература зыҟалаӡомызт", - иҳəеит Қапба.

Леонти Лабахəуа инасыҧымхеит ҳмилаҭтə литератураҿы инагӡаны иҿахəы аҳəара. Уи даара ицəыӡ дууп, хьаа дууп. Река ақыҭа зеиҕьыҟам аҿар ааӡеит, ашəҟəыҩҩцəа ааӡеит.

"Иара Сҭеҧан Қəычбериа аибашьра зхы ақəызҵаз, дзыҧсааз?! "Сыҧсадгьыл сылашара, сгəазырҳага сызкəыхшоу, кыкахшыла ан лыхшара, дшылааӡаз еиҧш сзааӡахьоу... ", –ихəыцрақəа ҳацеиҩишон Қапба.

Леонти Лабахəуа ишəҟəы епигрофс иамоуп: "Абри иаҧхьо сҩыза, сықəла, уааҟəымҵӡакəа ҳаамҭа нықəла!".

Асовет мчразы абас гəыкала иҟаз ауаҩы, иҧсҭазаара ҿахырҵəеит ауаа хəымгақəа, абас, Леонти Лабахəуа изы иааирҧшуаз агəалашəарақəа ҵҩа рымамызт алитератураҭҵааҩы Руслан Қапба.