"Адемократиатә еиқәшаҳаҭра": Каталониа аҭагылазаашьа ҭышәынтәалоуп

Каталониа аженералитет уаанӡатәи аиҳабы Карлес Пучдемон, иахьатәи аамҭазы Бельгиа инхо, Бриуссель иааиртит "ареспубликаз ахеилак" захьӡу раԥхьатәи ассамблеиа хада.
Sputnik

АҞӘА, ԥхынҷкәын 26 - Sputnik. Каталониа аженералитет аиҳабы Ким Торра Испаниа аԥыза-министр Педро Санчес идигалеит "адемократиатә еиқәшаҳаҭраз" ажәалагалақәа реидкыла. Аидкыла шьақәгылоуп 21 пункт рыла ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.

Пучдемон Каталониа ахьыԥшымра алаҳәара аамҭақәак иаанкылазарц иҳәеит

Торреи Санчеси реиҿцәажәарақәа мҩаԥысит ԥхынҷкәын 20 рзы. Автономтә еилазаара аиҳабы аиҿцәажәара инарҭбааны далацәажәеит Каталониа аженералитет актәи аиҳабы - Франсеска Масии анышә дахьамадоу ашәҭшьыҵәрақәа рцеремониа амҩаԥгара ашьҭахь.

Торра иазгәеиҭеит "Каталониа ахалахатәҳәаақәҵаразы азин шхымԥадатәиу. Уи азы Каталониеи Испаниеи реиҳабырақәа рыбжьаҟазаразы иаԥҵазар алшоит жәларбжьаратәи акомиссиа" ҳәа.

Арегион ахада аҳҭнықалақьтә напхгара ргәы рҽаниҵеит ажәадгалақәа рҭак аныҟамла каталониатәи аиҳабыра Испаниа аҳәынҭқарратә биуџьет апроект аблокада азнауеит ҳәа.

Каталониа, Испаниа автономиаҿ ишиашоу анапхгара аналаргала ашьҭахь, ԥхынҷкәын 21 2017 шықәса рзы имҩаԥысит арегионалтә парламент ахь заанаҵтәи алхрақәа. Ишиашоу анапхгара алагалан ахьыԥшымраз ареферендум ашьҭахь, уи аҭакс.