"Адемократиатә еиқәшаҳаҭра": Каталониа аҭагылазаашьа ҭышәынтәалоуп

© Sputnik / Джорди Бойшареу / Амедиаҵәахырҭахь аиасра"Адемократиатә еиқәшаҳаҭра" аҭагылазаашьа ҭышәыннартәалар алшоит
Адемократиатә еиқәшаҳаҭра аҭагылазаашьа ҭышәыннартәалар алшоит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Каталониа аженералитет уаанӡатәи аиҳабы Карлес Пучдемон, иахьатәи аамҭазы Бельгиа инхо, Бриуссель иааиртит "ареспубликаз ахеилак" захьӡу раԥхьатәи ассамблеиа хада.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 26 - Sputnik. Каталониа аженералитет аиҳабы Ким Торра Испаниа аԥыза-министр Педро Санчес идигалеит "адемократиатә еиқәшаҳаҭраз" ажәалагалақәа реидкыла. Аидкыла шьақәгылоуп 21 пункт рыла ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.

Акция в Барселоне, посвященная референдуму о независимости Каталонии - Sputnik Аҧсны
Пучдемон Каталониа ахьыԥшымра алаҳәара аамҭақәак иаанкылазарц иҳәеит

Торреи Санчеси реиҿцәажәарақәа мҩаԥысит ԥхынҷкәын 20 рзы. Автономтә еилазаара аиҳабы аиҿцәажәара инарҭбааны далацәажәеит Каталониа аженералитет актәи аиҳабы - Франсеска Масии анышә дахьамадоу ашәҭшьыҵәрақәа рцеремониа амҩаԥгара ашьҭахь.

Торра иазгәеиҭеит "Каталониа ахалахатәҳәаақәҵаразы азин шхымԥадатәиу. Уи азы Каталониеи Испаниеи реиҳабырақәа рыбжьаҟазаразы иаԥҵазар алшоит жәларбжьаратәи акомиссиа" ҳәа.

Арегион ахада аҳҭнықалақьтә напхгара ргәы рҽаниҵеит ажәадгалақәа рҭак аныҟамла каталониатәи аиҳабыра Испаниа аҳәынҭқарратә биуџьет апроект аблокада азнауеит ҳәа.

Каталониа, Испаниа автономиаҿ ишиашоу анапхгара аналаргала ашьҭахь, ԥхынҷкәын 21 2017 шықәса рзы имҩаԥысит арегионалтә парламент ахь заанаҵтәи алхрақәа. Ишиашоу анапхгара алагалан ахьыԥшымраз ареферендум ашьҭахь, уи аҭакс.

Ажәабжьқәа зегьы
0