"Ашана" ашықәс аихшьаалақәа ҟанаҵоит: сынтәа миллионк ала еиҳаны еизаагеит

2018 шықәсазы афонд еизнагеит 9 миллион мааҭ аԥара ахәыҷ-чымазцәа ацхыраара рыҭаразы.
Sputnik

АҞӘА, ԥхынҷкәын 28– Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. 2018 шықәсарзы акультура-гәыҳалалратә фонд "Ашана" 26-ҩык ахәыҷ-чымазцәа ацхыраара рнаҭеит ҳәа Sputnik иазеиҭалҳәеит афонд адиректор Мактина Џьынџьалԥҳа.

Ашықәс ҿыц азы агәабзиара ҳамҭас: "Ашана" Леон Қриа изы аԥареизгара иалагеит

Урыстәыла, Ҭырқәтәыла, Хорватиа, Италиа рыхәышәтәырҭақәа рҿы ахәыҷқәа ршьап рықәыргыларазы еизган жә-миллион мааҭ аԥара. Адиректор лажәақәа рыла ари ҵыԥхтәи ашықәс иадкыланы уахәаԥшуазар миллион мааҭ рыла еиҳауп.

2017 шықәса рзы еизган 8 миллионк инацны аԥара, ацхыраара рыҭан 23-ҩык ахәыҷқәа.

"Ауаа рыбзазара шыуадаҩугьы арыцҳараҿ еидгылоит, избанзар ибзианы еилыркаауеит ажәҩеибыҭара шакәу аҵакы змоу" ҳәа лҳәоит Мактина Џьынџьалԥҳа.

2018 шықәса рзы "Ашана" апроект ҿыц "Гәык аҟынтәи аҽа гәык ахь" аанартит. Апроект ахықәкы хада Аԥсны анҭыҵ инхо ҳџьынџьуаа агәыҳалалра радыԥхьалароуп. Акциа адгылара анаҭеит ахәыҷтәы ансамбль "Гагрыпшь". Уи москватәи ақәгылара ашьҭахь аестафета ахәыҷтәы ансамбль "Шьараҭын" иазнархеит.

Ашықәс анҵәамҭазы "Ашана" имҩаԥнагоит акциа "Уҵаа Бабадуны уҟала". Есышықәса "Ашана" хылаԥшра знаҭо ахәыҷқәа Аҵаа Бабаду асаламшәҟәқәа изырыҩуеит, ирҭаху иаҳәоит.

"Арҭ азыҳәарақәа збо иақәҿырҭуеит. Иазгәасҭар сҭахуп хәыҷыкгьы абарҭ аамҭақәа рзы аган дшавамхаз. Зхы алазырхәыз зегьы ҭабуп ҳәа расҳәар сҭахуп" ҳәа лҳәоит афонд адиректор.

2018 шықәса рзы афонд аҟынтәи аныҳәаәт ҳамҭақәа роуеит 50-ҩык ахәыҷқәа. 2019 шықәса рзы афонд иагәҭакуп аҳәаанырцәтәи аклиникақәа рнырра, акциа ҿыцқәа реиҿкаара лҳәоит афонд "Ашана" адиректор.