Ҳаџьымба Венесуела дырԥылараны дыҟоуп ԥшь-тәылак рхадацәа

Аԥсны ахада Рауль Ҳаџьымба далахәхараны дыҟоуп Венесуела ахада Николас Мадура иинаугурациа.
Sputnik

АҞӘА, ажьырныҳәа 10– Sputnik, Бадри Есиава. Аԥсны ахада Рауль Ҳаџьымба Венесуела иҟазаараан дырԥылараны дыҟоуп Никарагуа, Боливиа, Куба, Сальвадор рхадацәа ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит Венесуелеи Никарагуеи Аԥсны Ацҳаражәҳәаҩыс иҟоу Заур Ӷәаџьаа.

"Арҭ атәылақәа рхадацәа рԥылара азыԥхьагәаҭоуп аамҭа иаҳнаҭозар. Ишыжәдыруала аԥсуа делегациа ара рыҟазаара аамҭа кьаҿк аҳәаақәа ирҭагӡоуп. Аамҭа иҵегь иаҳнаруазар, алҵшәа змоу аиԥыларақәа мҩаԥгахон", - иҳәоит Ӷәаџьаа.

Рауль Ҳаџьымба официалтә ныҟәарала Венесуела даҭаауеит

Адипломат иажәақәа рыла аҳаиртә баӷәазаҿы Рауль Ҳаџьымба диԥылоит Венесуела ахада ихаҭыԥуаҩ Делси Родригес.

"Асасааирҭаҿы Аахыҵ Уаԥстәыла ахада Анатоли Бибилови иареи еицыҟалоит. Иахьазы иазыԥхьагәаҭоуп Рауль Ҳаџьымбеи Николос Мадурои реиԥылара", - ҳәа иҳәоит Заур Ӷәаџьаа.

Иара игәаанагарала аиҿцәажәара атемақәа ируакхоит атәылауаҩшәҟәқәа реицазхаҵара.

"Иара убасгьы азырхиара иаҿуп аспорт аганахь ала аиқәшаҳаҭра", - иҳәоит ацҳаражәҳәаҩ.

Иара убасгьы иҳәеит аԥсуа делегациа Венесуела рыҟазаара ашьҭахь Николас Мадуро Аԥсныҟа иаара шалшо.

Венесуела Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рхьыԥшымра азханаҵеит цәыббра 10 2009 шықәса рзы.

Аԥсны ахада Сергеи багаԥшь Венесуела официалла даҭан 2010 шықәса рзы.