Ҷыҭанаа аԥсыӡкразы: Аԥсны иахьаԥну закәаншьаҭада аԥсыӡ ркуам

2018-2019 шықәсазтәи ҭагалан-аӡынтәи аԥсыӡкраамҭа хацыркхеит ԥхынҷкәын 24 рзы, ихыркәшахоит хәажәкыра 31 рзы.
Sputnik

АҞӘА, ажьырныҳәа 10 – Sputnik. Иарбанызаалак аԥсыӡкраамҭаз аҵарауаа ахьаԥшра зырҭоны иҟоу Аԥсны иахьаԥну амшынӡқәа рҟны аекологиатә шәарҭадаратә ҭагылазаашьоуп ҳәа Sputnik акорреспондент изеиҭеиҳәеит Аԥсны аекологиеи аԥсабарахьчареи рзы аҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩы Савели Ҷыҭанаа.

Ҭагалан-аӡынтәи аԥсыӡкраамҭан Аминистрцәа реилазаара ақәҵарала Аҳәынҭеилакы иаԥнаҵоит аштаб – аԥсыӡ акра аквота ашьақәыргыларазы. Аштаб анапы иануп аԥсыӡкыга-ӷбақәа зегь рыдкылара.

"Аӷбақәа гәарҭоит изакәанымкәа аԥсыӡкыга мыругақәа рымоу ирымаму азы, рыӡсаратә ҭагылазаашьа шьақәдыргылоит. 2003 шықәса раахыс Аԥсны иахьаԥну азин ыҟам аӷбаҵатә трал ахархәара", — ҳәа иҳәоит Савели Ҷыҭанаа.

Аӷбаҵатә трал еилых ҟамҵақәа аԥсыӡ зегь еизнаҳәҳәоит, хәы зманы иршьо ахкқәагьы налаҵаны. Аеколог далацәажәеит аԥсыӡкра хылаԥшра шазыруа.

"Урыстәылатәи аҳәаахьчаҩцәеи ҳареи ҳаилацәажәаны ҳаҟоуп. Аԥсыӡкра аамҭазы дара рышхәақәа рыла амшын ҳхылоит, иҟоу шыҟоу ҳалала иаабоит", — иҳәоит иара.

Ҷыҭанаа иажәақәа рыла, аӷбақәа рхы иадырхәо акаҭа ҷыдақәа акамшьиа хкы мацароуп иркуа.

Ҷыҭанаа еиҭеиҳәеит акамшьиа акразы агәаҭарақәа шцо

"Ауаа амшын аҟәара иацәыхарамкәа аӷба рацәа анырбалак ҳаԥсыӡ зегь ркит ҳәа ахырҳәаауеит. Усеиԥш иҟаӡам. Аԥсыӡкра мҩаԥысуеит ахылаԥшра бзиа аманы" ҳәа иҳәоит аеколог.

Амшын Еиқәа аҿы акамшьиа амаҷхара ҭырқәтәылатәи аԥсыӡкцәа ирхаратәуп

Савелиәи Ҷыҭанаа иажәақәа рыла, Аԥсны ааигәаратәи амшынӡқәа рҟны аԥсыӡ зкуа ззин ыҟам ахархәагақәа рҭахны иҟам, избанзар Аминистрцәа реилазаара аӡбрала сынтәа иркыз аԥсыӡ аҳәаанхыҵ агара азин ыҟам.

Аԥсыӡкра аԥҟаррақәа дрылацәажәо Ҷыҭанаа иҳәеит аиҳабыра рыӡбрала аӷбақәа амшын аҟәара 500 метра иреиҵамкәа иацәыхаразароуп ҳәа.

"Ахылаԥшра мариам, аха урыстәылатәи аҳәаахьчаҩцәа ҳацхраауеит. Урҭ иахәҭоу ахылаԥшыгатә мыругақәа рымоуп. Иаразнакы аилагара аҭыԥ амазар игәарҭоит. Нас адырра ҳарҭоит. Ҳара аҭыԥ ахь ҳнеины аԥкаанҵабӷьыц хаҳарҭәаауеит уи иаҿырԥшны ауснагӡатәқәа мҩаԥаагоит", — иҳәеит иара.

2018-2019 шықәсазтәи ҭагалан-аӡынтәи аԥсыӡкраамҭазы азин ыҟоуп 27 нызқь тонна акра. Ҵыԥх азин ыҟан 20 нызқь тонна аԥсыӡ акра.

Аеколог иҳәеит акамшьиа аӡынразы Аԥсны амшынԥшаҳәа ишаҭаауа. Уи ара ирымкыр егьырҭ атәылақәа акра ишалаго.

"Аҭырқәцәа иркуа аԥсыӡ ахышәа-ҵышәа 300 нызқь тонна инаӡоит, Қырҭтәыла – 150 нызқь тонна. Ҳара ҳакәзар 30 нызқь тонна ҳкуеит. Уи аекологиаз иԥырхагам", — ҳәа азгәеиҭеит иара.

2018-2019 шықәсазтәи ҭагалан-аӡынтәи аԥсыӡкраамҭа хацыркхеит ԥхынҷкәын 24 рзы, ихыркәшахоит хәажәкыра 31 рзы.