Егрытәи аҳәаа ахысра ԥкуп аимҳәачымазара иахырҟьаны

Аԥсны ашәарҭадаратә маҵзура Аԥсни Қырҭтәылеи рыбжьара аҳәаа ахысра ԥнакуеит ажьырныҳәа 10 асааҭ 20.00 инаркны.
Sputnik

АҞӘА, ажьырныҳәа 11 – Sputnik. Аԥсны ашәарҭадаратә маҵзура Аԥсни Қырҭтәылеи рыбжьара аҳәаа ахысра ԥнакуеит ҩымз рыҩныҵҟа, ажьырныҳәа 10 асааҭ 20.00 инаркны. Абри атәы аанацҳауеит амаҵзура аофициалтә саит.

Аҳәаа ахысра ԥкуп агәыларатә ҳәынҭқарраҿы аҭыԥ змоу аимҳәачымазара аштамм H1N1 ахьрылаҵәаз иахырҟьаны.

Ирыдыркылаз аӡбра инақәыршәаны Қырҭтәыла аҵакыраҟынтәи аҳәаанырцә атәылауаа Аԥсныҟа ралалареи Аԥсны атәылауаа Қырҭтәыла аҵакыра ралалареи ԥкхоит.