Аԥсны ахадеи Венесуела ахада Николас Мадурои еиԥылеит

Венесуела ахада Николас Мадуро аҽазныкгьы ишьақәирӷәӷәеит Аԥсны ахьыԥшымра азхаҵаразы иӡбра, атәылақәа рыҩба рыбжьара анапы зҵаҩу аиқәшаҳаҭрақәа рынагӡара.
Sputnik

АҞӘА, ажьырныҳәа 12 - Sputnik. Аԥсны ахада Венесуела официалтә ныҟәарыла иҭаараан диԥылеит венесуелатәи иколлега, Николас Мадуро, ҳәа аанацҳауеит атәыла ахада иофициалтә саит.

Мадуро Ҳаџьымба аԥсшәа иҳәо иҭабуп ҳәа ахиҳәааит иҭоубашьҭаҵара ихы ахьалаирхәыз.

Аԥсны ахада Сальвадор ахада Санчес Серена диԥылеит

Аԥсны ахада иакәзар иазгәеиҭеит Аԥсны акыр хра аманы ишаԥхьаӡо атәылақәа рыбжьара ишьақәгыланы иҟоу аизыҟазаашьақәа.

"Аԥсны даара акраҵанакуаны иахәаԥшуеит Боливариантәи Ареспублика Венесуелеи иареи рыбжьара ишьақәгыланы иҟоу аизыҟазаашьа ҭышәынтәала. Ҳара ҳазыхиоуп ԥхьаҟагьы аимадарақәеи аиныррақәеи рырҿиара", - иҳәеит Рауль Ҳаџьымба.

Венесуела ахада Николас Мадуро аҽазныкгьы ишьақәирӷәӷәеит Аԥсны ахьыԥшымра азхаҵаразы иӡбра, атәылақәа рыҩба рыбжьара анапы зҵаҩу аиқәшаҳаҭрақәа рынагӡара.

Ажьырныҳәа 10-11 рзы имҩаԥысит Аԥсны ахада Венесуелатәи ареспубликаҿы иҟазаара.