АҞӘА, ажьырныҳәа 12 - Sputnik. Аԥсны ахада Рауль Ҳаџьымбеи Сальвадор ахада Санчес Серенеи еиԥылеит иара Венесуелаҟа иофициалтә ныҟәараан. Абри атәы аанацҳауеит атәыла ахада иофициалтә саит.
"Ҳара аиԥылара хра аманы ҳахәаԥшуеит. Аԥсны аҩыза-тәылақәа еснагь ирныруеит. Венесуелеи Никарагуеи реиԥш Сальвадоргьы ҳҩыза-тәылахар даара агәахәара ҳауан", - ҳәа иҳәоит Ҳаџьымба.
Санчес Серен иакәзар иазгәеиҭеит Аԥсни Сальвадори ахьыԥшымразы рықәԥара еиԥшны дшахәаԥшуа.
"Ҳаргьы шәара шәеиԥш ахақәиҭраз ҳақәԥон. Иагьҳауит. Аԥснытәи аделегациа ара рбара сеигәырӷьоит. Ари раԥхьатәи еиԥылароуп, еибадырроуп. Сгәыӷуеит ҳаимадарақәа ԥхьаҟагьы аҿиара роуп ҳәа", - иҳәоит Сальвадор ахада.
Ҳаџьымба Серен иаҭәеишьеит Аԥсны Амилаҭтә банк иҭнажьыз, Аԥсны Аиааиреи Ахьыԥшымреи 25 шықәса рхыҵра иазку аиубилеитә аԥсар.
Аԥсны ахада Сальвадор ахада Аԥсныҟа дааиԥхьеит.
Аԥсны ахада Рауль Ҳаџьымба Венесуелаҟа днаԥхьоуп атәыла ахада Николас Мадуро иҭоубашьҭаҵара далахәхарц.