Сырма Ашәԥҳа, Sputnik
Иналукааша аԥсуа шәҟәыҩҩы, ауаажәларратәи аҳәынҭқарратәи усзуҩ, "Ахьӡ-Аԥша" аорден аҩбатәи аҩаӡара занашьоу, Дырмит Гәлиа ипремиа алауреат Аҳәба Џьума Басариан-иԥа диит 1937 шықәса рзы, Очамчыра араион Аҭара ақыҭан. М. Горки ихьӡ зху Аҟәатәи аҳәынҭқарратә педагогикатә институт далгеит. Иара иаԥҵамҭақәа рыла аԥсуа литература акырӡа ихаҭәааит, рхатә ҭыԥ ҷыда ааныркылеит. Иара иҟазара, ихшыҩ, идырра акыр иааӡаган, ихатәран. Иҩымҭақәа аԥсуа литература ахьтәы фонд иазынхеит.
"Аԥсуа литература ацәыӡ ду аиуит. Иԥсҭазаара далҵит еицырдыруа аԥсуа шәҟәыҩҩы, Д. Гәлиа ипремиа алаурет, апрозаик бзиаӡа, зажәабжьқәеи, зповестқәеи, зроманқәеи рыла ҳлитература зырбеиахьаз, иахьа гәадурала ҳзыхцәажәарц ҳалшо, зыпрозатә ҩымҭақәа иреиҳаӡоу аҳаракыраҿы иназгаз Џьума Аҳәба", -ҳәа азгәеиҭоит Ажурнал "Алашара" аредакҭор хада Анатоли Лагәлаа.
Џьума Басариан-иԥа Аҳәба иԥсҭазаареи ирҿиаратә мҩеи уананыԥшыло иаразнак агәра угоит ҳлитератураҿы иӷәӷәаҟацаӡа зшьапы иқәгылаз, даныҷкәынӡаз инаркны иаразнак збаҩхатәра еицгәарҭахьаз аӡә шиакәыз ҳәа азыиԥхьаӡоит Лагәлаа.
"Аԥсны мацара акәымкәа, иҩымҭақәа атәым бызшәақәа рыла ирацәаӡаны еиҭаргахьан, иаҳҳәап: аурысшәахь, аерманы бызшәахь, ақырҭшәахь, англыз бызшәахь, аиапон бызшәахь, афранцыз бызшәахь. Ажәакала, даара еицырдыруаз, еицышьҭырххьаз, ҳлитератураҿы игәадураны иҟаз шәҟәыҩҩын", - иҳәоит Анатоли Лагәлаа.
Ашәҟәыҩҩы иреиӷьу иҩымҭақәа, иажәабжьқәа, Урыстәылатәи ажурнал "Дружба народов" ианылахьеит, ахә ҳаракынгьы иршьахьеит.
"Ажурнал "Дружба народов" апремиа ҳаԥсуа шәҟәыҩҩцәа аӡәгьы имоуӡацызт Џьума Аҳәба ида. Иара иажәабжь "Ҭоуӷан" азы абри аҩыза апремиа ду даԥсахеит. Иҩымҭақәа ҳаԥсуа литератураҿы, ҳашколқәа рҿы, афбатәи аклассқәа инадыркны ажәеизатәи аклассқәа рҟынӡа ирхысуеит. Иара убасгьы, иповестқәа, ироманқәа, иреиӷьӡу иҩымҭақәа ажурнал "Алашара" ашәхымс иахысны ауп ҳаԥхьаҩцәа ишроуа", - ҳәа азгәеиҭоит Д. Гәлиа ипремиа алауреат Анатоли Лагәлаа.
Џьума Басариан-иԥа, иԥасҭазаара аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рҟынӡа иҩыга шикыз икын, акыр амыҟәмабарақәа шихигахьазгьы, аԥсуа хаҵа ишиаҭәоу еиԥш дныҟәон, ихы лаирҟәуамызт.
"Ажурнал "Алашара" аҟны имшынҵақәа, ипублицистикатә жәабжьқәа ҳкьыԥхьуан. Иаҳҳәарц ҳалшоит ҳаԥсуа литература, ҳаԥсуа ҟазара, ҳаԥсуа доуҳатә культура ацәыӡ ду шаиуз. Џьума Аҳәба, ажурнал "Аҟазара" анеиҿыркаа нахыс редактор хадас аус иуан аҵыхәтәантәи амшқәа рҟынӡа. Ииашаҵәҟьаны, аредақциа ашьапы иқәзыргылаз иара иоуп, иахьа уажәраанӡагьы иааигеит", - ҳәа азгәеиҭеит Анатоли Лагәлаа.
Аԥсны аџьынџьтәылатә еибашьра анцоз аамҭазы, Џьума Аҳәба ҳаӷацәа дрымпыҵашәеит, ахамшыҭыхә изааргеит. Анцәа иџьшьаны, усҟан иԥсы рцәынхагәышьеит.
"Аибашьра ианалагаҵәҟьа Аҟәа далаханы дыҟан, нас далҵит, Гәдоуҭа дыҟан акыр мшы, аха игәы иамукәа дахьиз-дахьааӡаз Очамчыра араион ахь дцеит. Убра иҟаз аибашьра ахлымӡаахрақәа зегьы ила иабеит. Убри иазкны иара иҩит ароман "Ахамшҭыхә". Уи хымԥада, ҳаԥсуа литератураҿы аибашьра иазку, иреиҳаӡоу, иреиӷьӡоу аҩымҭақәа иреиуоуп", - иҳәеит Лагәлаа.
Анатоли Лагәлаа иазгәеиҭеит, Џьума Аҳәба аибашьраан ҳаӷацәа акыр дышдырҳәацәаз, дара рбахҭаҿы дышҭакыз, аха Урыстәыла иреиӷьыз ашәҟәыҩҩцәа Алеқсеи Баруздин, Распутин, Белов рнапы аҵаҩны иҟарҵаз ааԥхьарала иара доурышьҭратәы ишыҟарҵаз дахьҭакыз.
"Урыстәылатәи шәҟәыҩҩцәа зегьы, Аԥснытәи ашәҟәыҩҩцәа иара изы ирҳәаз жәдыруеит, ршьапы иқәгыланы абри аҩыза ааԥхьара ӷәӷәа аныҟарҵа, ақырҭуа жәлар еилыркааит ирымпыҵашәаз дшышәҟәыҩҩ дууз, адунеи зегьы шархыџ-хыџуаз уи ус иаанкылара. Доурмышьҭыр ада ԥсыхәа рмоуит, аха акырӡа иԥсҭазаараҿы игәабзиара иаԥырхагахеит, ахьаақәа шимазгьы иара иажәабжьқәеи, ипублицистикатә ҩымҭақәеи, иочеркқәеи ирныԥшит, ироман аԥхьа инаргыланы. Уи фырхаҵароуп ҳәа сара сгәы иаанагоит", - иҳәеит Лагәлаа.
Анатоли Лагәлаа, аԥсуа литературахь ишьаҿа анеихигоз, ашәҟәыҩҩы Џьума Аҳәба иҟаиҵаз анырра иахьеиԥш игәалашәоит.
"Сара раԥхьа амҩа сықәызҵаз иара иоуп, раԥхьатәи сажәабжь ажурнал "Алашараҿы" ианҭыҵ, иара инеиҵыхыз астатиа иҩит агазеҭ "Аԥсны" аҟны. "Амҩа уанықәлауа" ахьӡуп. Уи сара ахаан исхамшҭо иреиуоуп", - ҳәа азгәеиҭеит Лагәлаа.
Џьума Басариан-иԥа иҷкәынцәа аҩыџьагьы Беслани, Дауҭи, Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра иалахәын, рыԥсадгьыл аҿаԥхьа руалԥшьа нарыгӡеит. Аибашьра инаҭаз ааха ӷәӷәа иахҟьаны, иҷкәынцәа руаӡәк Дауҭ илахьынҵа кьаҿхеит.
"Абарҭқәа зегьы хаҵаҵас ичҳаны, Џьума Аҳәба шәҟәыҩҩык, публицистк иаҳасаб ала, ҳлитератураҿы инижьит аибашьра иазку даара аҩымҭа дуқәа", - ҳәа азгәеиҭоит Лагәлаа.
Џьума Басариан-иԥа Аҳәба игәалашәара лаша, иажәа ҟәыӷа, иаԥҵамҭа ҟаимаҭқәа ахааназы ԥсра-ӡра рықәым.